Ноиабр 21—27
ЕККЛЕЗИАСТ (ЭККЛЕЗИАСТ) 7—12
Ашәа 41, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Дугәаларшәала Узшаз Анцәа Ду уқәыԥшра аамҭазы» (10 мин)
Еккл. (Эк) 12:1. Уанқәыԥшу уаамҭеи умчи Анцәа имаҵ аураҿы ухы иаурхәалар ауп (w14-U 15/1 18, абз. 3; 22, абз. 1)
Еккл. (Эк) 12:2—7. Ауаҩы данқәыԥшу иԥсҭазаара «ихьанҭоу амшқәа» идырлашьцаӡом (w08-U 15/11 23, абз. 2; w06-U 1/11 16, абз. 9)
Еккл. (Эк) 12:13, 14. Иегова имаҵ аура уԥсҭазаара ииашаҵәҟьоу аҵакы анаҭоит (w11-U 1/11 21, абз. 1—6)
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Еккл. (Эк) 10:1. Ишԥеиԥырхаго «аҟәыӷаразы пату зқәырҵо ауаҩы имаҷӡоу агаӡара»? (w06-U 1/11 16, абз. 5)
Еккл. (Эк) 11:1. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «уча аӡқәа ирыҭ»? (w06-U 1/11 16, абз. 7)
Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Исылшозеи ажәабжьаҳәаратә маҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Еккл. (Эк) 10:12—11:10
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): 2 Тим. 3:1—5 «Аҵабырг дшәырҵала»
Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны): Ис. (Иса) 44:27—45:2 «Аҵабырг дшәырҵала»
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): bh 25—26, абз. 18—20. Абиблиа зурҵо аизарахь ааԥхьара иҭ.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, иҟьаҟьаӡа иаарту ашәқәа рыҩналара алшара шәаҩшәмыжьын» (15 мин). Идырба авидеонҵамҭа «Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Иегова бзиа шәибоит». Анаҩс астатиа еилырга.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): ia ахы 23, абз. 1—14
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 82, анцәаиҳәара