Ианвар 9—15
ИСАИА (ИСАИЯ) 29—33
Ашәа 123, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Аҳ аиашаразы аҳра иулоит» (10 мин)
Ис. (Иса) 32:1. Аиашаразы аҳра зуло аҳ Иисус Христос иоуп (w14-U 15/2 6, абз. 13)
Ис. (Иса) 32:2. Аҳра зауз Иисус Христос аԥсаса еиҷаҳауа аҭауадцәа алихуеит (ip-1-U 332—334, абз. 7, 8)
Ис. (Иса) 32:3, 4. Иегова ижәлар ироуа арҵара бзиа абзоурала ииашаны рхы мҩаԥыргалар рылшоит (ip-1-U 334—335, абз. 10—11)
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Ис. (Иса) 30:21. Ишԥарылшо Иегова имаҵзуҩцәа ибжьы раҳалар? (w14-U 15/8 21, абз. 2)
Ис. (Иса) 33:22. Ианба, насгьы дышԥаҟалеи Иегова ижәлар рзы «Ӡбаҩыс, Закәанԥҵаҩыс, иара убас Аҳас»? (w14-U 15/10 14, абз. 4)
Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Исылшозеи ажәабжьҳәаратә маҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Ис. (Иса) 30:22—33
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): wp17.1-U (ацәа). Зыԥсахы еибакны иҟоу аԥшәма иацәажәара.
Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны): wp17.1-U (ацәа). Ажәеинраалақәа амобилтә хархәага ала урыԥхьала.
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): lv 31—32, абз. 12—13. Аҵабырг ауаҩы игәаҵанӡа ишнагатәу дырба.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Аԥша цәгьа аҟынтә ахыҵакырҭа» (Ис. [Иса] 32:2) (9 мин). Идырба авидеонҵамҭа.
«Аизараҿы ибзианы уӡырҩла» (6 мин). Идырба авидеонҵамҭа «Внимательно слушай на собрании». Анаҩс заа изоуҳәахьаз ахәыҷқәа асценахь урыԥхьаны, абарҭ азҵаарақәа рыҭ: ишәԥырхагахар алшозеи аизараҿы ибзианы аӡырҩра? Ихьыр алшози Нои, Иегова аковчег шыргылатәу анизеиҭеиҳәоз, ибзианы дымӡырҩуазҭгьы? Избан ахәыҷқәа аизараҿы ибзианы аӡырҩра зрыхәҭоу?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): cf ахы 2, абз. 9—14
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 40, анцәаиҳәара