Февраль 6—12
ИСАИА (ИСАИЯ) 47—51
Ашәа 120, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Иегова изыӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит» (10 мин)
Ис. (Иса) 48:17. Ииашаҵәҟьоу амҵахырхәара шьаҭас иамоу Анцәа изакәанқәа рзыӡырҩра ауп (ip-2-U 131, абз. 18)
Ис. (Иса) 48:18. Иегова бзиа ҳаибоит, насгьы анасыԥ ҳамазарц иҭахуп (ip-2-U 131, абз. 19)
Ис. (Иса) 48:19. Азыӡырҩра инымҵәаӡо азылԥхарақәа ҳзаанагоит (ip-2-U 132, абз. 20, 21)
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Ис. (Иса) 49:6. Ҵакыс ирымоузеи Мессиа «ажәларқәа рзы длашароуп» ҳәа иҳәоу ажәақәа, ажәабжь ззеиҭеиҳәоз израильаа рымацара ракәызҭгьы? (w07-U 15/1 9, абз. 8)
Ис. (Иса) 50:1. Ииҳәарц ииҭахызи Иегова, «иабаҟоу шәан илысҭаз аилыҵра аршаҳаҭга» ҳәа израильаа данразҵаа? (it-U «Развод», абз. 24, 25)
Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Исылшозеи ажәабжьҳәаратә маҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Ис. (Иса) 51:12—23
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Ари амзазы адгаларақәа еиқәҳаршәоит (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба адгаларақәа шыҟаҵатәу узырбо авидеонҵамҭақәа зегьы, анаҩс еилырга ихадоу амоментқәа. Февраль мзазы ажәабжьҳәаҩцәа иара убасгьы ауаа ирыдыргалалар рылшоит аброшиура «Была ли жизнь создана?» ма «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» — ауаҩы еиҳа игәаԥхо инақәыршәаны. (Шәахәаԥш арамка «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа».)
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аҭыԥтә ҭахрақәа (7 мин). Ма «Ежегодник» (yb16-U 144—145) аҟынтә ахәарҭа узаазго аурокқәа еилургар улшоит.
«Иегова уиҩызаха. Иегова уизыӡырҩла» (8 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Раԥхьа идырба амультфильм «Стань другом Иеговы. Слушайся Иегову». Анаҩс абарҭ азҵаарақәа еилырга: иарбан ихадоу мзызу Иегова изыӡырҩразы иҳамоу? (Ажәам. (Пр) 27:11). Ишԥарылшо ахәыҷқәа Иегова ишизыӡырҩуа аадырԥшыр? Ишԥарылшо адуцәа Иегова ишизыӡырҩуа аадырԥшыр?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): cf ахы 3, абз. 20—24, ад. 34 иану арамка
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 98, анцәаиҳәара