Август 14—20
ИЕЗЕКИИЛЬ 32—34
- Ашәа 60, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Аҷаԥшьаҩы аҭакԥхықәра ду идуп» (10 мин) - Иез. 33:7. Иегова Иезекииль ҷаԥшьаҩыс дҟаиҵеит (it-U «Сторож», ахеиҵа «Переносное значение»). 
- Иез. 33:8, 9. Аҷаԥшьаҩы ашьакаҭәаразы ахара идымзарц азы, ашәарҭара шыҟоу иҳәалар ауп (w88-U 1/6 22, абз. 13). 
- Иез. 33:11, 14—16. Иегова агәҽанҵара здызкыло ауаа еиқәирхоит (w12-U 15/3 15, абз. 3). 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Иез. 33:32, 33. Избан гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәалар зҳахәҭоу, уи ауаа ишақәҿырымҭуагьы? (w91-U 15/3 17, абз. 16, 17). 
- Иез. 34:23. Анаӡара ишԥаҿу ари ажәеинраалаҿы иҳәоу ажәақәа? (w07-U 1/4 26, абз. 3). 
- Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Иез. 32:1—16. 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): g17.4-U (ацәа). Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа. 
- Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны): g17.4-U (ацәа). Абиблиа зурҵо аизарахь ааԥхьара иҭ. 
- Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): fg аурок 2, абз. 9, 10. Аҵабырг ауаҩы игәаҵанӡа ишнагатәу дырба. 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Анцәа зыхә ишьо аҟазшьақәа еизырҳала. Агәымшәара» (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Азиашара ықәызхуа шәҽацәышәыхьчала. Ауаа рҿаԥхьа ашәара». 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): cf ахы 12, абз. 15—21, арамка «Иаанагозеи Иисус ишьҭанеира?» 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 86, анцәаиҳәара