АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Инҭырҳәыцааны Абиблиа шыҭҵаалатәу
Иуҭахума уара Даниил имаз аҩыза агәрахаҵара ӷәӷәа умазарц? Даниил инҭырҳәыцааны Анцәа Иажәа ҭиҵаауан, аҵак ду змаз аԥааимбаражәақәагьы уахь иналаҵаны (Дан. 9:2). Инҭырҳәыцааны Абиблиа ҭуҵаалар, уи уаргьы иуцхраауеит аԥышәарақәа раан Анцәа уизиашаны аанхара. Ишԥа? Уи Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь угәрахаҵара арӷәӷәоит (Иис. Н. 23:14). Иара убас Анцәа иахь иумоу абзиабара арҵаулоит, уи угәазҭанаҵоит еснагь Анцәа изыӡырҩра (Аԥсал. 96:10 [97:10, АдҾ]). Аха ишԥалагатәу? Урызхьаԥш анаҩстәи алабжьарақәа.
Иҭысҵаарызеи? Аҭҵаара бзиахь иаҵанакуеит аизарақәа рҽырзыҟаҵара. Есымчыбжьатәи Абиблиа аԥхьара алҵшәа аанагоит, иузеилымкаауа ажәеинраалақәа рыҭҵааразы аамҭа алухлар. Шьоукы рхатә ҭҵаара анымҩаԥырго, инҭырҳәыцааны иҭырҵаауеит абиблиатә ԥааимбаражәақәа, Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа, апостол Павел имиссионертә ныҟәара, насгьы Иегова ишамҭақәа. Амш аҩныҵҟа зҵаарак узцәырҵуазар, џьара ианҵа, анаҩс ухатә ҭҵаара анымҩаԥуго иҭҵаа.
Иабаԥшаатәу аинформациа? Алабжьара бзиақәа аагоуп авидеонҵамҭа «Адоуҳатә хазынақәа рыԥшааразы амыругақәа» аҿы. Ухы гәоуҭарц азы Даниил 7-тәи ахаҿы иану аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу агыгшәыгқәа зегьы иаадырԥшуа ахьану аинформациа ԥшаа.
Шаҟа аамҭа иҭҵаалатәузеи? Иааиԥмырҟьаӡакәа аҭҵаара мҩаԥугозар, удоуҳатә гәабзиара еснагь иӷәӷәазаауеит. Уалагар улшоит икьаҿу аҭҵаарала, анаҩс аамҭа ацуҵалар улшоит. Анцәа Иажәа аҭҵаара иҵәаху ахазынақәа рыԥшаара иаҿурԥшыр алшоит: еиҳаны ахазынақәа уԥшаацыԥхьаӡа, еиҳаны «ажра» уҭаххоит (Ажәам. 2:3—6). Анцәа Иажәахь убзиабара еизҳалоит, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаара уԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит (1 Пиотр 2:2).
ИААДЫРԤШУАДА ДАНИИЛ 7-ТӘИ АХАҾЫ ЗЫӠБАХӘ ҲӘОУ АГЫГШӘЫГҚӘА?
Дан. 7:4
Дан. 7:5
Дан. 7:6
Дан. 7:7
ДАҼА ЗҴААРАК:
Ишԥанаӡеи Даниил 7:8, 24 иану ажәақәа?
АНАҨСТӘИ АЗҴААРА:
Иаадырԥшуада Аатра 13-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу агыгшәыгқәа?