Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb17 декабр ад. 5
  • Амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизараҿы аҿыцлагала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизараҿы аҿыцлагала
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • А7-Ж Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара иадҳәалоу ихадоу ахҭысқәа. Иисус Иерусалим имаҵзура аҵыхәтәантәи амшқәа (ахәҭа 1)
    Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • Ишәҳәо «амин» Иегова ахә ҳаракны ишьоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
mwb17 декабр ад. 5

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизараҿы аҿыцлагала

Ианвар мза 2018 шықәса инаркны амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизараҿы иҟалоит аҭҵаара амҩаԥгаразы аматериал, иара убас асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи, урҭ аагоуп ҳсаит аҿы иҟоу арҵагатә шәҟәы «Священное Писание — Перевод нового мира» (nwtsty) аҟынтә, уи макьана шәбызшәала иҟамзаргьы. Ҳәарада, уи аҿыцлагала абзоурала аизарақәа рҽырзыҟаҵара еиҳагьы аинтерес аиуеит. Иара убас уи абзиабара злоу Ҳаб Иегова еиҳагьы шәизааигәанатәуеит!

АҬҴААРАЗЫ АМАТЕРИАЛ

Аҭҵааразы аматериал аҿы иаагоу акультуратә, агеографиатә, алингвистикатә ҷыдарақәа абиблиатә жәеинраалақәа рҵакы аилкаара иҳацхраауеит.

Матфеи 12:20

Иҿыцәаауа афҭил. Аҩны рхы иадырхәоз алампа ихәыҷыз, анышәаԥшь иалхыз, азеиҭынхәша зҭаз маҭәарын. Азеиҭынхәша ақәнытә фҭил ала ихало ибылуан. Иҟалап абырзен ажәақәа «иҿыцәаауа афҭил» иаанагозар ицәаз, мамзаргьы иаарласны ицәо афҭил. Исаиа 42:3 аҿы заа иҳәан Иисус даара агәрыцҳашьара злоу уаҩхоит ҳәа; иара ахаан ирцәомызт згәы каҳаны иҟоу, насгьы игәаҟуа ауаа ирымоу агәыӷра ацыԥхь.

Матфеи 26:13

Иашала. Абырзен ажәа «амин» ауриатә ажәа «амен» иахылҵуеит, насгьы иаанагоит «ус иҟалааит; иашала». Иисус лассы-лассы уи ажәа ихы иаирхәон фактк, қәыргәыӷрак, ма ԥааимбаражәак анааигоз, уи ала иара ииҳәаз шиашоу, насгьы уақәгәыӷыртә ишыҟоу шьақәирӷәӷәон. Иоанн иҟынтә Аевангелие ишаҳнарбо ала зны-зынла Иисус ихы иаирхәон ажәақәа «иаша-ҵабыргла». Уи иажәақәа шиашоу еиҳагьы ишьақәнарӷәӷәон (Иоанн 1:51).

АСАХЬАҚӘЕИ АВИДЕОНҴАМҬАҚӘЕИ

Афотосахьақәеи, асахьақәеи, абжьы зхам авидеонҵамҭақәеи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу амаҭәарқәеи, ахҭысқәеи, аҭыԥқәеи, уҳәа убас егьырҭгьы, ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит.

Виффагиа, Ахәшаҵлақәа рышьха, Иерусалим

Икьаҿу ари авидеонҵамҭа абзоурала Иерусалим узго амҩала ҳцошәа ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит. Амҩа алагоит мрагаларахьынтәи, иахьатәи Ет-Тур аҟынтәи, иԥхьаӡоуп уи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Виффагиа ауп ҳәа, амҩа нҵәоит Ахәшаҵлақәа рышьха ахықә аҿы. Виффагиантәи мрагыларахь Ахәшаҵлақәа рышьхаҿы мрагыларатәи аганахь иҟоуп Вифаниа. Уа Иисус иҵаҩцәеи иареи Иерусалим ианнеиуаз иаангылалон. Иахьа Вифаниа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы Ель-Азарие (Ель-Еизариа) ҳәа зыхьӡу ақыҭа хәыҷы ыҟоуп. Уи араб бызшәала иаанагоит «Лазарь иҭыԥ». Иисус Марфеи, Мариеи, Лазари ахьынхоз аҩнаҿы даангылозҭгьы ҟаларын (Матф. 21:17; Марк 11:11; Лука 21:37; Иоанн 11:1). Иисус урҭ рыҩнаҟынтәи Иерусалим данцоз авидеонҵамҭаҿы иҳарбо амҩала дцозҭгьы ауан. Иисус Виффагиантәи имҩа дықәлазар ауан нисан 9, 33 шықәса ҳ. ҳ. аҽада дақәтәаны Ахәшаҵлақәа рышьха дахысны Иерусалимҟа данцаз.

  1. Вифаниантәи Виффагиаҟа амҩа.

  2. Виффагиа.

  3. Ахәшаҵлақәа рышьха.

  4. Акаршәра Кедрон.

  5. Ауахәама ахьыҟаз ашьха.

Ашьхәа абаҩ иалоу аҵәымӷ

Афотосахьаҿы иарбоуп 11,5 см иҟоу аҵәымӷ злоу ашьхәа абаҩ акопиа. Уи абаҩ аоригинал рыԥшааит 1968 шықәсазы Иерусалим аҩадатәи аган аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥыргоз. Уи абаҩ Римтәи аимпериа аныҟаз аамҭақәа иртәуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит ауаҩы даныршьуаз ашьаҟа аҵәымӷқәа рыла дкыдырчаԥалар шрылшоз. Иҟалап урҭ рҩызцәа аҵәымӷқәа ракәызҭгьы рхы иадырхәаз римтәи асолдаҭцәа ашьаҟаҿы Иисус Христос даныршьуаз. Археологцәа уи абаҩ рыԥшааит оссуариа аҿы — иршьуаз ицәеижь анбаауаз ибаҩқәа ахьҭарыԥсоз ахаҳә иалырхуаз аиашьықь. Уи иаҳнарбоит ашьаҟаҿы иршьуаз дыржыр шрылшоз (Матф. 27:35).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра