Ианвар 22—28
МАТФЕИ 8, 9
- Ашәа 17, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Иисус ауаа бзиа ибон» (10 мин) - Матф. 8:1—3. Иисус ацәеилабаара змаз иахь агәрыцҳашьара ӷәӷәа ааирԥшит («Прикоснулся к нему», «Хочу» — Матф. 8:3 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U). 
- Матф. 9:9—13. Иисус егьырҭ ирцәымӷыз ауаагьы бзиа ибон («возлежал за столом», «сборщики налогов» — Матф. 9:10 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U). 
- Матф. 9:35—38. Иисус ауаа рахь имаз абзиабара игәазҭанаҵон дааԥсаны даныҟазгьы ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара, насгьы аҽаҩра ҭазгало рацәахарц Анцәа иҳәара («сжалился» — Матф. 9:36 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U). 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Матф. 8:8—10. Иаҳҵозеи ҳара Иисус шәҩык ирхагылаз дышиацәажәоз аҟынтә? (w02-U 15/8 13, абз. 16). 
- Матф. 9:16, 17. Ҵакыс ирымази ацаха ҿыци аҩ ҿеи ирызкны Иисус иҿырԥштәқәа? (jy-U 70, абз. 6). 
- Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Матф. 8:1—17 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Ахԥатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): Аицәажәара ахкы ухы иархәа. Ауаҩы аизарахь ааԥхьара иҭ. 
- Аԥшьбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): иуҭаху ажәеинраала алх, иара убас Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡа идгал. 
- Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): bh 43—44, абз. 18, 19 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Анцәа уи Иҳақәиҭу, насгьы Христос иакәны дҟаиҵеит» (ахәҭа I) (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Матфеи 9:18—25 шәанаԥхьалак ашьҭахь, афильм аҟынтә ацыԥҵәаха дырба, анаҩс аӡырҩцәа алархәны ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа еилырга: - Ишԥааирԥши Иисус ичмазаҩыз аԥҳәыси Иаири рахь ақьиара? 
- Иарбан хҭысқәоу ари афильм аҟынтә иуцхраауа Аҳра аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахоу ухаҿы аагара? 
- Ишԥаҳалшо ауаа рахь абзиабара аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшра? 
 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 5 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 95, анцәаиҳәара