АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 12, 13
Ачарыци амыркаџьи ирызку ажәамаана
Иисус ачарыци амыркаџьи ирызку ажәамаана еиҭеиҳәеит «ачарыц» зегьы — иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа — анеизиго, насгьы ишеизиго ҳаилиркаарц азы (доуҳала алхра алагеит 33 шықәсазы ҳ. ҳ. аан).
«Зымхаҿы ажәла бзиа лазҵаз ауаҩы»
- Ажәла казыԥсо: Иисус Хритос. 
- Ажәла бзиа акаԥсара: Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳала ралхра. 
- Амхурсҭа: адунеи, ма ауаатәыҩса. 
«Ауаа аныцәаз аамҭазы, аӷа дааин ача ахьылаз амхурсҭаҿ амыркаџьы жәла лаҵаны дцеит»
- Аӷа: Аҩсҭаа. 
- Ауаа ыцәан: апостолцәа рыԥсра. 
«Абҵара аҽнынӡа иеицрызҳалааит»
- Ачарыц: доуҳала иалху ақьырсианцәа. 
- Амыркаџьы: амцқьырсианцәа. 
«Аԥхьа амыркаџьы нымҩа-нымҩа иҿаҳәаны еизыжәга... нас, ачарыц ырмазеины сца иҭашәыԥса»
- Атәцәа/абҵаҩцәа: амаалықьцәа. 
- Амыркаџьы аизгара: амцқьырсианцәеи доуҳала иалху ақьырсианцәеи еилырхуеит. 
- Аца иҭарыԥсоит: доуҳала иалху ақьырсианцәа еиҭашьақәыргылоу аизарахь еизыргоит. 
Ирылукаар шԥалшоз аҭагалара алагамҭазы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа амцқьырсианцәа?
Иарбан хәарҭоу исзаанаго ари ажәамаана ахьеилыскаауа?