Апрель 16—22
МАРК 1, 2
Ашәа 130, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Угәнаҳарақәа уанажьхоит» (10 мин)
[Идырба авидеонҵамҭа «Марк иҟынтә Аевангелие ахҳәаа».]
Марк 2:3—5. Иисус зхы иамыхәоз ахаҵа иахь агәрыцҳашьара ааирԥшит, насгьы игәнаҳарақәа ианаижьит (jy-U 67, абз. 3—5).
Марк 2:6—12. Иисус зхы иамыхәоз ахаҵа дихәышәтәит. Уи ала ишьақәирӷәӷәеит агәнаҳарақәа ранажьразы амчра шимоу («Что легче» — Марк 2:9 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Марк 1:11. Ҵакыс ирымоузеи Иегова ииҳәаз арҭ ажәақәа? («с небес раздался голос», «Ты — мой... Сын», «Я одобряю тебя» — Марк 1:11 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U).
Марк 2:27, 28. Избан Иисус асабшагьы сақәиҭуп ҳәа зиҳәаз? («Господин... субботы» — Марк 2:28 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Марк 1:1—15
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Шәҭыԥ аҿы лассы-лассы иуԥыло ажәаҿархьра ишаиааитәу дырба.
Аҩбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы.
Ахԥатәи аицәажәара (авидео) (5 мин): идырба, насгьы уахцәажәа авидеонҵамҭа.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Сара сзааз аиашақәа ракәымкәа, агәнаҳарақәа ирыҵоу ахьхәрахьы срыԥхьарц ауп» (7 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Абахҭаҟынтә — аԥсҭазаара ҿыц ахь». Уи ашьҭахь аӡырҩцәа уразҵаа: ицхраази Дональд ииашаҵәҟьоу анасыԥ аиура? Ишԥаҳалшо атәамбара аазмырԥшуаз Иисус иҿыԥшра? (Марк 2:17).
Иегова гәык-ԥсыкала ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит (8 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Иегова, уажәшьҭа сыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу уара уакәхоит». Уи ашьҭахь аӡырҩцәа уразҵаа: лгәазҭазҵазеи Еннелиз Иегова иахь ахынҳәра? (Ис. 55:6, 7). Ишԥашәылшарыз ари авидеонҵамҭа шәхы иархәаны Иегова ицәыхарахаз ацхыраара рыҭара?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 17
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 86, анцәаиҳәара