Ноиабр 19—25
АУСҚӘА 4, 5
Ашәа 73, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Дара Анцәа иажәа гәымшәарыла ирҳәон» (10 мин)
Аус. 4:5—13. Пиотри Иоанни «ауаа рыжәпара иалҵыз, џьаргьы ҵара иахымсыцыз шьоук» шракәызгьы, дара рыгәрахаҵара ахьчара иацәшәомызт ахылаԥшыҩцәеи, ашәҟәдырыҩцәеи рҿаԥхьа (w08-U 1/9 15, арамка; w08-U 15/5 30, абз. 6).
Аус. 4:18—20. Пиотри Иоанни ашәарҭара шыҟазгьы ажәабжьҳәара иаҿын.
Аус. 4:23—31. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа Иегова иԥшьоу идоуҳа ахьриҭоз абзоурала агәымшәара аадырԥшуан (it-U «Апостол», ахеиҵа «Деятельность в христианском собрании», абз. 1).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Аус. 4:11. Ишԥеилкаатәу Иисус «хадара зманы иҟалаз хаҳәуп» ҳәа иану? (it-U «Краеугольный камень», ахеиҵа «Переносное и символическое значение», абз. 4).
Аус. 5:1. Избан Ананиеи Сапфиреи рмазара хәҭак рҭиирц зырыӡбаз? (w13-U 1/3 15, абз. 4).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Аус. 5:27—42
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аицәажәара (2 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Идырба шәахьынхо аҭыԥ аҿы лассы-лассы ишәԥыло ажәаҿархьра ишаиааитәу.
Аҩбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Ауаҩы сқьырсианӡам ҳәа иҳәоит.
Ахԥатәи аицәажәара (авидео) (5 мин): идырба авидеонҵамҭа, анаҩс уахцәажәа.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Астендқәа рыла ажәабжьҳәара алҵшәа бзиақәа аанагоит» (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Амаҵзуратә хылаԥшҩы имҩаԥигоит. Идыбра авидеонҵамҭа. Шәеизара астендқәеи алитература иазку астолқәеи рыла ажәабжь рҳәозар, урҭ асценаҿы иқәыргыл. Аӡырҩцәа идеилыркаа шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаарацәа ахьеизо ажәабжьҳәара шеиҿкаау. Аамҭа аанхозар, аинтерес зҵоу ахҭыс рзеиҭаҳәа, ма адемонстрациа дырба. Идеилыркаа ари ажәабжьҳәаратә хкы рхы аладырхәырц азы иҟаҵатәу.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 43, ахеиҵа «Чему нас учат примеры Иисуса»
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 64, анцәаиҳәара