Декабр 24—30
АУСҚӘА 17, 18
Ашәа 78, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Ажәабжь аҳәареи арҵареи рҟны апостол Павел уиҿыԥшла» (10 мин)
Аус. 17:2, 3. Павел егьырҭ ианыдирҵоз Аҩыра шьаҭас иҟаиҵон, насгьы уи аҟынтә ашьақәырӷәӷәарақәа ааигон (nwtsty-U, аҭҵааразы аматериал).
Аус. 17:17. Павел ауаа ахьыҟаз зехьынџьара ажәабжь иҳәон (nwtsty-U, аҭҵааразы аматериал).
Аус. 17:22, 23. Павел агәеилых бзиа ааирԥшуан, убас ала ауаа данрацәажәоз ирзеиԥшу иԥшаауан (nwtsty-U, аҭҵааразы аматериал).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Аус. 18:18. Иарбан ҿаҭахьоу иқәиҵаз Павел? (w08-U 15/5 32, абз. 5).
Аус. 18:21. Ишԥаҳацхраауеи Павел иҿырԥшы адоуҳатә хықәкқәа анықәҳаргыло? (nwtsty-U, аҭҵааразы аматериал).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Аус. 17:1—15
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Ахԥатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Дазхьарԥш ауаҩы авидеонҵамҭа «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?», анаҩс уахцәажәа. Авидеонҵамҭа ахаҭа аҿакра аҭахӡам.
Аԥшьбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): иуҭаху ажәеинраала алх, иара убас Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡа идгал.
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): jl аурок 7.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Шьаҭанкыла ажәабжь еиҭаҳәала, насгьы идырҵала (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Аҭаацәаратә мҵахырхәара. Павел шьаҭанкыла ажәабжь бзиа еиҭеиҳәон». Уи ашьҭахь аӡырҩцәа уразҵаа: Ишԥеилыркааи авидеонҵамҭаҿы иарбаз аҭаацәара рмаҵзура аиӷьтәра шрыхәҭаз? Иарбан х-ганк Павел имаҵзура аҟынтә дара рхазы иалыркааз? Иарбан лҵшәақәоу аҭаацәара ирзаанагаз Павел иҿырԥшы иахьықәныҟәаз? Ухы иаурхәарц иуҭахузеи иубаз аҟынтә, уҭаацәаратә мҵахырхәара еиҳа аинтерес аҵаны имҩаԥысларц азы?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 47
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 151, анцәаиҳәара