Маи 6—12
2 КОРИНФАА РАХЬ 4—6
- Ашәа 128, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Гәкажьра ҟаҳамҵароуп» (10 мин) - 2 Кор. 4:16. Иегова «еснагь» ҳирҿыцуеит (w04-U 15/8 25, абз. 16, 17). 
- 2 Кор. 4:17. Иахьа ҳзықәшәо «аамҭалатәи ҳара ҳгәаҟрақәа хьаагатәым, урҭ усҟак рыҵаркуа иҟам» (it-U «Стойкость», ахеиҵа «Как сохранять», абз. 2). 
- 2 Кор. 4:18. Ҳара ҳхы рзыҳашьҭлароуп ҳаԥхьаҟа Аҳра иаҳзаанаго азылԥхарақәа. 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - 2 Кор. 4:7. Иарбан хәы змам мазароу ҳара «анышәаԥшь ҳаԥшьаҿы» иҵәахны иҳамоу? (w12-U 1/2 28—29). 
- 2 Кор. 6:13. Ишԥаҳалшо ҳгәы-ҳаԥсы аартра? (w09-U 15/11 21, абз. 7). 
- Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): 2 Кор. 4:1—15 (th аурок 12) 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла (10 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Ииашаны уаԥхьала», анаҩс аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла» аҟынтә уахцәажәа аурок 5. 
- Ажәахә (5 мин ма еиҵаны): w04-U 1/7 30—31. Атема: «Ҟәыӷароума аӡы иӡааху ақьырсиан аӡы иӡаахым ажәабжьҳәаҩ иахь аромантикатә еизыҟазаашьақәа реизырҳара?» (th аурок 7). 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Исылшо зегь ҟасҵоит» (8 мин). Идырба ари авидеонҵамҭа. Уи ашьҭахь аӡырҩцәа уразҵаа: гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ шԥеиуаз аиашьа Фостер данқәыԥшыз, насгьы имч анҭаз? Рыҽшԥарыԥсахи анаҩс иҭагылазаашьақәа? Иҽшԥазишәо иара уажәтәи иҭагылазаашьақәа рҿы илшо зегь аҟаҵара? Иунарҵозеи уара аиашьа Фостер иҿырԥштәы? 
- Аҭыԥтә ҭахрақәа (7 мин). 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 65; jyq ахы 65 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 65, анцәаиҳәара