АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Хаҭалатәи аҭҵаара еиҳа алҵшәа аанагаларц азы иҟаҳҵар ҳалшо
УИ ЗХАДОУ Абиблиа ҳхатә ҭҵаара абзоурала аҵабырг «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи» еилаҳкаауеит (Еф. 3:18). Иара убас уи ҳацхраауеит ари ицәгьоу адунеи аҿы ҳацқьаны аанхара, насгьы «аԥсҭазаара иатәу» ажәа ақәныҟәара (Флп. 2:15, 16). Ҳхатә ҭҵаара аан хаҭала ҳҭахрақәа ирықәшәо аматериал еилҳаргар ҳалшоит. Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа аԥхьареи аҭҵаареи иазалаҳхуа аамҭа ҟәыӷарала ахархәара?
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Аҵаразы иумоу Абиблиаҿы ажәеинраалақәа алкаала, насгьы азгәаҭақәа ҟаҵала (икьыԥхьу ма електронла).
Абиблиа уанаԥхьо ухазы иқәыргылала абарҭ азҵаарақәа: дарбан? иарбан? ианба? иаба? избан? ишԥа?
Аҭҵаара мҩаԥга иҳамоу амыругақәа ухы иархәаны. Иԥшаала аинформациа атема ма абиблиатә жәеинраала инақәыршәаны.
Уазхәыц узыԥхьаз ухы иаурхәар шулшо.
Еилукааз ухы иархәала (Лука 6:47, 48).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИҴАУЛОУ ХАҬАЛАТӘИ АҬҴААРА АНЦӘА ИАЖӘА АҚӘНЫҞӘАРА ИҲАЦХРААУЕИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ирҳәозеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хаҭалатәи аҭҵаара иазкны?
Избан аҭҵаара анцәаиҳәарала алагара зхадоу?
Ишԥаҳалшо абиблиатә цыԥҵәаха еиҳа еиӷьны аилкаара?
Иарбан згәаҭақәоу иҟаҳҵар ҳалшо хаҭалатәи аҭҵааразы иҳамоу Абиблиаҿы?
Избан ҳзыԥхьаз азхәыцра зхадоу?
Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо иҳауз адыррақәа?
«Бзиа ишԥазбо Уара узакәан! Иаахәлаанӡа иара ауп сзызхәыцуагьы» (Аԥсал. 118:97, АԤ)