АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова ижәлар ихьчоит
Раԥхьатәи Амшаԥы азгәаҭара акыр зҵазкуаз хҭысын. Иԥеиҳаб дшыԥсыз аниба ауха афараон Моисеии Аарони иреиҳәеит: «Сыжәлар шәрылҵны шәца, шәара шәҩыџьагьы, насгьы Израиль аԥацәа зегьы, шәца, Иегова имаҵ жәула, ишышәҳәахьаз еиԥш» (Ақәҵ. 12:31). Убас ала, Иегова ишьақәирӷәӷәеит Иегова еснагь ижәлар дышрыцхраауа.
Ҳаамҭазы инхо Иегова имаҵзуҩцәа рҭоурых еилыкка иаҳнарбоит иара иахьагьы ижәлар дышрыцу, насгьы дышрыцхраауа. Абри атема ауп изызку адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭаҿы иҟоу «Иегова ихьӡ зху ажәлар» захьӡу ацәыргақәҵа.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «УОРВИКТӘИ АМУЗЕИ АҾЫ АЕКСКУРСИА. АЦӘЫРГАҚӘҴА „ИЕГОВА ИХЬӠ ЗХУ АЖӘЛАР“», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан иҿыцу мыругоу Абиблиа аҭҵааҩцәа рхы иадырхәо иалагаз 1914 шықәсазы, Абиблиахь ауаа рыгәрагара еиздырҳарц азы, насгьы лҵшәас иаанагазеи уи?
Иарбан ԥышәарақәоу Анцәа имаҵзуҩцәа зықәшәаз 1916-тәи, 1918-тәи ашықәсқәа рзы, насгьы агәра шԥаргеи урҭ Иегова иорганизациа напхгара шаиҭо?
Ирыцхраауази Иегова имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа раан иара изиашаны аанхара?
Иарбан ԥсахроу абиблиатә ҵабырг аилкаараҿы 1935 шықәсазы Иегова имаҵзуҩцәа ирзаатыз, насгьы ишԥарныри уи дара?
Агәра узыргазеи ари ацәыргақәҵаҿы иубаз аҟынтә, Иегова ижәлар дышрыцу насгьы ишихьчо иазкны? (Уорвиктәи амузеи аҿы иҟаз рзы.)