АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЛЕВИТ 1—3
Амҭақәа хықәкыс ирымаз
1:3; 2:1, 12; 3:1
Моисеи изакәан инақәыршәаны инагатәыз амҭақәа Иегова ддыргәырӷьон, насгьы Христос иԥсхҭынҵареи уи ауаатәыҩса ирзаанагоз азылԥхарақәеи аанарԥшуан (Аур. 8:3—5; 9:9; 10:5—10).
Амҭас инаргоз аԥстәқәа зегь грак рымамкәа иҟазар акәын. Убас еиԥш Иисусгьы гра змамыз инаӡаз ицәеижь амҭас инеигеит (1 Пиотр 1:18, 19).
Абылразы инаргоз амҭақәа Анцәа ишеибгаз изнаргон. Убас Иисусгьы ихы-иԥсы зегь Иегова изнеигеит.
Аҭынчра амҭақәа назгоз ауааи Иеговеи аҭынчра рыбжьан. Убас еиԥш Ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло Анцәа идоуҳала иалхугьы Анцәеи дареи аҭынчра рыбжьоуп.