Ноиабр 16—22
АЛЕВИТ 4, 5
Ашәа 84, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Иегова зегь иреиӷьу иҭала» (10 мин)
Алев. 5:5, 6. Гәнаҳақәак рзы амҭа нагатәын — асыс, ма аӡыс (it-U «Приношения», ахеиҵа «Приношения за вину», абз. 1).
Алев. 5:7. Асыс, ма аӡыс амҭас изызнамгоз иӷарыз ауаҩы, «ҩ-ҟәараса́к, мамзаргьы ҩ-ҳәыҳә ԥшқак» неигар илшон (w09-U 1/6 26, абз. 3).
Алев. 5:11. Аҟәарасақәа, мамзаргьы аҳәыҳәқәа зызнамгоз иӷарыз ауаҩы, зхаҭабзиара ҳараку ашыла аефа ажәабатәи ахәҭа неигар илшон (w09-U 1/6 26, абз. 4).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (10 мин)
Алев. 5:1. Ишԥарыҵанакуеи ақьырсианцәа ари ажәеинраалаҿы иану апринцип? (w16.02 29, абз. 14).
Алев. 5:15, 16. Иҟалар шԥалшо аӡәы изымдырӡакәа Иегова иԥшьоу иныҳәарҭақәа рганахьала агәнаҳа ҟаиҵар? (it-U «Святость», ахеиҵа «Животные и урожай»).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Алев. 4:27—5:4 (th аурок 5)
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны). Ухы иархәа аицәажәара ахкы, насгьы Исаиа 9:6, 7 уахцәажәа (th аурок 12)
Аҩбатәи аицәажәара (4 мин ма еиҵаны). Ухы иархәа аицәажәара ахкы, насгьы Аԥсалом 72:16 уахцәажәа (th аурок 4)
Абиблиа аҵара (5 мин ма еиҵаны) lv 182, абз. 22, 23 (th аурок 19)
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«60 шықәса пионерс амаҵ еицура Иегова ицхыраароуп изыбзоуроу» (15 мин). Идырба авидеонҵамҭа. Анаҩс абарҭ азҵаарақәа ықәыргыл: еиҭарҳәозеи аиҳәшьцәа Такакои Хисакои ибеиоу рмаҵзура иазкны? Иарбан уадаҩрақәоу аиаҳәшьа Такако лгәабзиара аганахьала илымаз, насгьы илыцхраазеи лгәы акамыжьра? Ирзаазгозеи арҭ аиҳәшьцәа апионерцәа ииашаҵәҟьоу агәырӷьареи агәахәареи? Ишԥашьақәнарӷәӷәо урҭ рҿырԥштәы Ажәамаанақәа 25:11, Екклезиаст 12:1, насгьы Ауриацәа рахь 6:10 ирну ажәақәа?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин ма еиҵаны): lv «Апролог», насгьы ахы 1, абз. 1—9
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин ма еиҵаны)
Ашәа 95, анцәаиҳәара