АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Анцәеи Христоси рыбзоурала ахақәиҭра ҳауеит!
Иарбан уадаҩрақәоу уԥсҭазаара зырцәгьо? Иҟалап уара аҭаацәара ахада уакәзар, насгьы аусқәа рацәаны иумазар. Ма ухала ахәыҷқәа уааӡалар акәзар, аха аԥара арҳара уцәыцәгьазар. Мамзаргьы аҵара ахьуҵо ашкол аҿы уқәлацәа ухыччозар. Иҟалап угәабзиара уашәшәыразар, ма уқәра ацара иаҿызар. Зыԥсҭазаараҿы уадаҩра змам аӡәгьы дыҟаӡам. Ақьырсианцәа аӡәырҩы зныкала еиуеиԥшым аԥышәарақәа ирықәшәоит. Аха ҳара иаҳдыруеит урҭ аԥышәарақәа иаарласны рҵыхәтәа шыԥҵәо (2 Кор. 4:16—18).
Аха уи аамҭа ааиаанӡа ҳара ҳгәы арҭынчуеит Иегова ҳзықәшәо зегь шеиликаауа ахьаҳдыруа, иара ахә ишьоит ҳазиашареи иааҳарԥшуа ахачҳареи, насгьы иара ҳара ҳзы аҳамҭақәа рхианы имоуп (Иер. 29:11, 12). Иисусгьы хьаас ҳимоуп. Иара ҳақәиргәыӷит ҳқьырсиантә ҭакԥхықәрақәа рынагӡара дышҳацхраауа. Иара ихаҭа иҳәеит: «Сара... сшәыцҟоуп» (Матф. 28:20). Аҳра анапхгара аҵаҟа ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахақәиҭра азхәыцразы аамҭа аналаҳхуа, иҳамоу агәыӷра еиҳа иӷәӷәахоит, насгьы аԥышәарақәа риааира ҳалшоит (Рим. 8:19—21).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АФЫРҬЫН ААИГӘАХАРА ИАНАҾУ ААМҬАЗЫ, ШӘЫЛАԤШ ИИСУС ИҚӘКНЫ ИШӘКЫЗ! АҲРА ИААНАГО ԤХЬАҞАТӘИ АЗЫЛԤХАРАҚӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥеицәыхарахеи ауаа Анцәа, насгьы иалҵшәахазеи уи?
Иарбан ԥсҭазаароу ирзыԥшу Иегова изиашоу ауаа?
Изыбзоурахозеи уи аҩыза аԥсҭазаара?
Иарбан зылԥхарақәоу адунеи ҿыц аҿы иҟало рҟынтә уара еиҳарак уззыԥшу?
Адунеи ҿыц аҿы уҟоушәа ухаҿы иаагала!