АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова иахь азиашара аазмырԥшыз шәырҿымԥшлан
Кореи, Дафани, Авирони Иегова иахь апатуқәҵара аамырԥшӡакәа еилыкка иҟаз имҩақәҵарақәа ирҿагылеит. Иегова аҿагылаҩцәеи урҭ рган аанызкылази ахьирхәит (Ахыԥхь. 16:26, 27, 31—33). Иԥызшәар алшозеи Иегова иахь ҳазиашара? Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу ҳгәаҳҽанызҵо, насгьы ииашам ашьаҿа аҟынтә ҳзыхьчо?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘЫРҾЫМԤШЛАН АЗИАШАРА ЗМЫХЬЧАЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Иарбан алхроу Надиа иҟалҵар акәыз. Иарбан библиатә ҿырԥштәу Иегова дизиашаны аанхара илыцхрааз? 
- Иарбан ҭагылазаашьоу аиашьа изы иԥышәарахаз. Иарбан библиатә ҿырԥштәу Иегова дизиашаны аанхара ицхрааз? 
- Иарбан ҭагылазаашьоу Теренс дԥызшәаз? Иарбан библиатә ҿырԥштәу ашәарҭара дацәызыхьчаз? 
- Иарбан хыхроу ҳашьа ашкол аҿы дзықәшәаз. Иарбан библиатә ҿырԥштәу Иегова дизиашаны аанхара ицхрааз?