АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Акгьы хьаас иҟашәымҵан
Иегова израильтәи ажәлар рҿы иӷарыз дреиҷаҳауан. Дышԥареиҷаҳауеи иахьа иӷарны инхо имаҵзуҩцәа?
- Аԥара иазыҟазарц шрыхәҭоу дирҵоит (Лука 12:15; 1 Тим. 6:6—8). 
- Рхы ҟәнырымшьаларц дирҵоит (Иов 34:19). 
- Аџьабаа рбаларц, насгьы ашьцылара бааԥсқәа шьҭырымхларц дирҵоит (Ажәам. 14:23; 20:1; 2 Кор. 7:1). 
- Абзиабара аазырԥшуа аиашьара риҭеит (Иоанн 13:35; 1 Иоанн 3:17, 18). 
- Агәыӷра риҭоит (Аԥсал. 9:18; Ис. 65:21—23). 
Ҳҭагылазаашьа даара ицәгьазаргьы акгьы хьаас иҟаҳамҵалароуп (Ис. 30:15). Иегова зда ԥсыхәа ҳамам зегь ҳаиҭалоит ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылозар (Матф. 6:31—33).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АБЗИАБАРА ЗЕГЬ АХНАГОИТ. АӶАРРА (КОНГО)», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Ишԥарылшо арегионалтә конгресс ахьымҩаԥысуа азааигәара инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи харантәи иаауа рахь абзиабареи асасдкылареи раарԥшра? 
- Ишԥааирԥшуеи Иегова ибзиабара иӷару рахь? 
- Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра рацәак амал ҳамамзаргьы?