Сентиабр 13—19
ИИСУС НАВИН 1, 2
Ашәа 97, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин.)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Ақәҿиара аиура шҳалшо» (10 мин.)
Адоуҳатә бырлашқәа (10 мин.)
Иис. Н. 2:4, 5. Избан Раав израильтәи аԥшыхәыҩцәа ирышьҭаз аҳ имаҵуҩцәа злырҩашьаз? (w04-U 1/12 9, абз. 1).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Аԥхьара (4 мин.): bhs ахы 2, абз. 14—16 (th аурок 10).
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Аҩбатәи аицәажәара авидеонҵамҭа (5 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа «Аҩбатәи аицәажәара. Абиблиа (Иов 26:7)». Аекран аҿы авидеонҵамҭа аанызкыло адырга анцәырҵлак, авидеонҵамҭа аанкыланы аӡырҩцәа азҵаара рыҭ.
Аҩбатәи аицәажәара (3 мин.). Ухы иархәа аицәажәара ахкы (th аурок 11).
Аҩбатәи аицәажәара (5 мин.). Ухы иархәа аицәажәара ахкы. Анаҩс идгал аброшиура «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!», насгьы абиблиатә ҵара уалага (th аурок 16).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа ҵала» (15 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа «Шәыламыс цқьаз».
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин.): lv ахы 14, абз. 10—14, иара убас арамкақәа «Агәнаҳа ӷәӷәақәа рганахьала Аҩсҭаа имцу ишьақәырӷәӷәарақәа», насгьы Ацҵа «Аустә зҵаарақәа ирыдҳәалоу аимакқәа шыӡбалатәу»
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.)
Ашәа 89, анцәаиҳәара