АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иубома уара уҳәарақәа рҭак?
Абиблиаҿы иануп Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз узырбо аҿырԥштәқәа рацәаны. Иегова урҭ рыҳәарақәа дшырзыӡырҩуаз, насгьы дышрыцхраауаз анырбоз, ҳәарада рыгәрахаҵара ӷәӷәахон. Убри аҟынтә шәааи Анцәа ҳаниҳәо ҳгәы иҭоу аартны изеиҭаҳҳәалап, насгьы Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо гәаҳҭалап! Иаҳхаҳмыршҭлап: иара иҳаиҭо аҭак ҳаззыԥшу еиԥшымзар ауеит, насгьы ҳаззыҳәо аасҭа акырӡа еиҳаны иҳаиҭар алшоит (2 Коринфаа рахь 12:7—9; Ефесаа рахь 3:20). Ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак? Иара илшоит:
ауадаҩра ҳаиааирц азы амч ҳаиҭар, ҳгәы шьҭихыр, мамзаргьы доуҳала ҳирӷәӷәар (Флп. 4:13);
ииашоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы аҟәыӷара ҳаиҭар (Иак. 1:5);
ак аҟаҵара ҳгәаирԥхар, насгьы амч ҳаиҭар (Флп. 2:13);
ҳгәы ак аныҵхо, агәҭынчра ҳаиҭар (Флп. 4:6, 7);
егьырҭ ҳгәы дырҭынчырц, ма иаҳҭаху ацхыраара ҳарҭарц ргәаирԥхар (1 Иоанн 3:17, 18);
шьоукы рзы ҳаниҳәо, урҭ дрыцхраар (Аус. 12:5, 11).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА — „АҲӘАРАҚӘА ИРЗЫӠЫРҨУА“ ИОУП», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Угәы шьҭнахыр шԥалшо аиашьа Симидзу иҿырԥшы учмазаҩызар?
Иунарҵазеи аиашьа Симидзу иҿырԥшы?