Ииуль 3—9
ЕЗДРА 4—6
Ашәа 148, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин.)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Аргылара шәаԥырхагамхан» (10 мин.)
Адоуҳатә бырлашқәа (10 мин.)
Езд 6:13. Избан «Аӡиас анхыҵ напхгара зуа» ҳәа иану ажәақәа аинтерес зрыҵоу? (w93-U 15/6 32, абз. 3—5).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин.): Мф 2:16—23 (th аурок 5).
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аицәажәара авидеонҵамҭа (5 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа «Раԥхьатәи аицәажәара. Агәаҟрақәа (Иак. 1:13)». Аекран аҿы авидеонҵамҭа аанызкыло адырга анцәырҵлак, авидеонҵамҭа аанкыланы аӡырҩцәа уа иаагоу азҵаарақәа рыҭ.
Раԥхьатәи аицәажәара (4 мин.). Ухы иархәа аицәажәарақәа рыхкқәа рҟынтә атема. Ауаҩы ҳсаит аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц изныжь (th аурок 1).
Раԥхьатәи аицәажәара (4 мин.). Ухы иархәа аицәажәарақәа рыхкқәа рҟынтә атема. Ауаҩы абиблиатә курс аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы уи акурс ахь ухьазырԥшуа абӷьыц иҭ (th аурок 9).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Ажәабжь бзиа закәанла аҳәаразы ҳзинқәа ҳахьчоит» (15 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин.): lff аурок 49, апункт 6, насгьы арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», «Аиҭахысра», иара убас «Ахықәкқәа»
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.)
Ашәа 130, анцәаиҳәара