Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ианвар ад. 2—3
  • Ианвар 6—12

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 6—12
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ианвар ад. 2—3

ИАНВАР 6—12

АԤСАЛОМҚӘА 127—134

Ашәа 134, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Анацәеи абацәеи, шәхәыҷқәа шәреиҷаҳала

(10 мин.)

Анацәеи абацәеи, Иегова шәҭаацәара аныҟәгара дшәыцхраауеит (Аԥс 127:1, 2).

Ахәыҷқәа — Иегова иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп (Аԥс 127:3; w21.08 5, абз. 9).

Ахәыҷқәа рықәреи рылшарақәеи инарықәыршәаны аҵара дшәырҵала (Аԥс 127:4; w19.12 26, абз. 20).

Аб ҩыџьа ихәыҷқәа аброшиура «Библия для самых маленьких» ала аҵара дирҵоит. Ахәыҷқәа рхаҿы иааргоит адунеи ҿыц аҿы аслани агориллеи ишрыцыхәмарло.

Иегова дгәырӷьоит анацәеи абацәеи иара иқәгәыӷны рхәыҷқәа ибзианы ирааӡаларц азы ирылшо зегь аныҟарҵо

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 128:3. Избан аԥсаломшәаҳәаҩ аԥацәа амаслинаҵла авҵиаақәа изаҿирԥшыз? (it-1-U 543).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 8:27—38 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы игәаанагара иҳәоит, аха уи Абиблиа иаҿагылоит (lmd аурок 5, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 16, апунктқәа 4, 5. Абиблиа зурҵо ауаҩы изеиҭаҳәа усқәак ирыхҟьаны уаныҟамло Абиблиа аҵара шымҩаԥысло (lmd аурок 10, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 13

7. Анацәеи абацәеи, шәхы иашәырхәома ари арҵаратә метод бзиа?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳорганизациа анацәеи абацәеи рхәыҷқәа Иегова иеилкаара изларыцхрааша аматериалқәа рацәаны иҭнажьуеит. Аха ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы иреиӷьу аметодқәа руак — уи аҿырԥш бзиа дырбара ауп (Ҩнтә 6:5—9).

Иисус иҵаҩцәа аҵара дирҵаларц азы уи аметод ихы иаирхәон.

Аӡырҩцәа Иоанн 13:13—15 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Иисус иҵаҩцәа ихатә ҿырԥшала аҵара дирҵон. Шәгәы ишԥаанаго, избан уи азнеишьа зыбзиаз?

Шәажәақәеи шәусқәеи еиқәшәозар, шәхәыҷқәа идшәырҵо хәарҭас иалоу рбалоит. Идшәырбо аҿырԥш бзиа еиҳа иргәарԥханы ишәзыӡырҩларц ргәазҭанаҵоит.

Асахьақәа реизга. Авидеонҵамҭа «Ҳара ҳхәыҷқәа аҿырԥш бзиа дҳарбон» аҟынтә асахьақәа: 1) Гарсиаа рҭаацәара амашьынаҿы. Дара аизарахь идәықәларц ргәы иҭоуп; 2) аизара ашьҭахь рхәыҷқәеи дареи акреицырфарц, иагьеицәажәарц азы еидтәалоит; 3) аиашьа Гарсиа Абиблиа даԥхьоит, аха иԥҳа длацәажәарц азы даанкылоит; 4) аиашьеи аиаҳәшьеи Гарсиаа лыԥҳа илацәажәоит. Дара Абиблиа аҟынтә зхәыцрақәак ирылацәажәоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳара ҳхәыҷқәа аҿырԥш бзиа дҳарбон». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иддырҵазеи аиашьеи аиаҳәшьеи Гарсиаа рыԥҳацәа?

  • Избан ари авидеонҵамҭа шәанахәаԥш, шәхәыҷқәа шәхатә ҿырԥшала аҵара дшәырҵаларц зышәҭаххаз?

Шәҿыршы абзоурала ахәыҷқәа еилыркаар рылшоит избан изхадоу:

  • агәырҿыхага бзиақәа ралхра, арыжәтәи асоциалтә каҭақәеи ииашаны рхархәара;

  • Анцәа имаҵ аура иадҳәалоу аусқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы рыргылара;

  • ухатә ҩыза иахь абзиабареи аҳаҭырқәҵареи аарԥшра.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 20, абз. 13—20

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 73, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра