Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ианвар ад. 6—7
  • Ианвар 27 — февраль 2

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 27 — февраль 2
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ианвар ад. 6—7

ИАНВАР 27 — ФЕВРАЛЬ 2

АԤСАЛОМҚӘА 140—143

Ашәа 44, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ацхыраара шәанаҳәо, шәыззыҳәо инақәыршәаны шәхы мҩаԥыжәгала

(10 мин.)

Ишәоуа алабжьарақәа шәыдышәкылала (Аԥс 141:5; w22.02 12, абз. 13, 14).

Шәазхәыцла Иегова дышшәыцхраахьаз, иара убас ажәытәан инхоз имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз (Аԥс 143:5; w10-U 15/3 32, абз. 4).

Иегова аҭагылазаашьа дшахәаԥшуа еиԥш шәахәаԥшла (Аԥс 143:10; wp15 1/3 20, абз. 2).

Иқәыԥшу аиашьа Абиблиа ҭиҵаауеит. Асахьақәа реизга: 1) апарк аҿы асқам дықәтәаны Анцәа диҳәоит; 2) ажәабжьҳәараан зықәрахь инеихьоу аиашьа ииҭо алабжьара дазыӡырҩуеит.

Аԥсаломқәа 140—143 рҿы иубарҭоуп Давид Иегова ацхырааразы иҳәара адагьы, дыззыҳәоз инақәыршәаны ихы шымҩаԥигоз.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 140:3. Избан Давид ацәгьаҟаҵаҩцәа рқьышәқәа амаҭ ашҳам амоуп ҳәа зиҩыз? (it-2-U 1277, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 9:30—50 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абаржәы узыцхырааз ауаҩы Абиблиа иадҳәалоу темак шьҭыхны уиацәажәа (lmd аурок 3, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Сеилахоуп ҳәа зҳәаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 7, апункт 3).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U, астатиа 21 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Почему Свидетели Иеговы не соглашаются на переливание крови?» (th аурок 7).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 141

7. Аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа шәҽырзыҟашәҵа

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова ҳацхраара дазхиоуп (Аԥс 46:1). Ҳара аҽыхәышәтәра ма аоперациа ҳзыԥшызар, уи иахҟьаны даара ҳгәы ҭынчымзар ауеит. Аха Иегова ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа заа ҳарзыҟаиҵоит. Иаҳҳәап, иорганизациа абзоурала ҳара иҳамоуп «Волеизъявление и доверенность относительно медицинского вмешательства», «Удостоверение личности»a, насгьы амедицинатә информациа зну егьырҭ адокументқәаb, иара убас ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу акомитет аҟынтә (КСБ) ацхыраара ҳауеит. Уи зегь ҳацхраауеит ашьа аганахьала Анцәа иҳаиҭаз азакәан ақәныҟәара (Аус 15:28, 29).

Аиаҳәшьа «Волеизъявление» халырҭәаауеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәырзыҟаҵоума аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарыцхрааи шьоукы «Волеизъявление» ахьхадырҭәааз?

  • Ишԥарыцхрааи шьоукы адокумент «Информация для беременных» (S-401)?

  • Избан иаразнак КСБ ҳрацәажәар заҭаху, ахәышәтәырҭахь ҳашьҭарҵозар, аоперациа ма аҽыхәышәтәра (иаҳҳәап, онкологиатә чымазара аҟынтә аҽыхәышәтәра) ҳзыԥшызар, ҳара ҳҭагылазаашьаҿы ашьа алаҵара иадҳәалоу азҵаара цәырҵӡом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы?

ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАХЬОУМА?

  • «Волеизъявление» аҿы ишәыӡбаз анышәҵа.

  • Иаразнак КСБ шәрацәажәа.

  • Заа шәазхәыц ашьалаҵара, уи афракциақәа рхархәара, иара убас ишәылырхыз ашьа ахархәара аганахьала ишәыӡбаз аҳақьым ишиашәҳәаша. (Шәахәаԥш lff аурок 39.)

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 21, абз. 14—22

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 103, Анцәа иҳәара

a Аӡы зыҽӡаазххьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи алитература иахылаԥшуа аиашьа иҿы «Волеизъявление» ргар рылшоит. Иара убас иаҳәар рылшоит «Удостоверение личности» 18-шықәса зхымҵхьац рхәыҷқәа рзы.

b Адокументқәа «Информация для беременных» (S-401), «Информация для пациентов, которым требуется хирургическое вмешательство или химиотерапия» (S-407), насгьы «Информация для родителей, чей ребёнок нуждается в медицинской помощи» (S-55) шәоурц шәҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа шәрыҳәар шәылшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра