Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 март ад. 14—15
  • Апрель 28 — маи 4

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Апрель 28 — маи 4
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 март ад. 14—15

АПРЕЛЬ 28 — МАИ 4

АЖӘАМААНАҚӘА 11

Ашәа 90, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Шәажәақәа шәрыцклаԥшла

(10 мин.)

Ауаҩы игәы изырхьыр алшо шәымҳәалан (Ажәм 11:9; w02-U 15/5 26, абз. 4).

Аизараҿы акзаара еилазгар алшо шәымҳәалан (Ажәм 11:11; w02-U 15/5 27, абз. 2, 3).

Имаӡоу аинформациа шәымҳәалан (Ажәм 11:12, 13; w02-U 15/5 27, абз. 5).

Ҩыџьа аишьцәа Аҳратә зал аҿы еицәажәоит. Руак дара рахь инеиуа аиашьа ацәгьа изиҳәоит.

АЗХӘЫЦРАЗЫ: ишԥаҳацхраауеи Лука 6:45 аҿы иану Иисус иажәақәа ауаа ргәы рзырхьыр алшо ажәақәа ҳамҳәаларц?

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 11:17. Хәарҭас иаҳзаанагои ақьиара ахьааҳарԥшуа? (g20.1-U 11, арамка).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 14:12—26 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы ааигәа имҩаԥысыз аизараҿы еилукааз зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 2, апункт 4).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә видеонҵамҭак дазхьарԥш (lmd аурок 8, апункт 3).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал, уи шымҩаԥысуагьы ирба (lmd аурок 10, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 157

7. Аҭынчра еилазгар алшо шәымҳәалан

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳара ҳнаӡаӡам аҟынтә, зны-зынла иакәым ҳҳәоит (Иак 3:8). Аха ҳажәақәа лҵшәас иааргар алшо ҳазхәыцуазар, ҳзыхьхәыр алшо акгьы ҳҳәаӡом. Еилазгар алшои аизараҿы аҭынчра? Абар ҿырԥштәқәак.

  • Аҽхәара. Ауаҩы дыҽхәозар, уи аицлабреи аиҵашьыцреи цәырнагоит (Ажәм 27:2).

  • Амц аҳәара. Амц аҳәарахьы иаҵанакуа амц мацара акәӡам, уахь узырҩашьо ажәақәагьы аҵанакуеит. Ауаа маҷк иадамзаргьы амц шаҳҳәо рбар, ҳагәра агара иаҟәыҵыр ауеит, ҳахьӡ бзиагьы ҳцәыӡуеит (Ек 10:1).

  • Уҳәан-сҳәан. Уҳәан-сҳәан ахь иаҵанакуеит ауаа ирызкны ииашам аинформациеи рхатә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу иахәҭам аицәажәарақәа (1Тм 5:13). Уи аиҿыхарақәеи аимак-аиҿакқәеи цәырнагар ауеит.

  • Аԥсахеибакра. Ари ҳаԥсахы еибакны ҳзыргәааз ауаҩы игәы изырхьуа ажәақәа аниаҳҳәо ауп (Еф 4:26). Урҭ ажәақәа ауаҩы ӷәӷәала игәы идырхьыр ауеит (Ажәм 29:22).

Авидеонҵамҭа «Аҭынчра еилазго шәҽацәышәыхьчала» аҟынтә асахьақәа: 1) Емилии Силиеи акафе аҿы итәоуп; Силиа лҭел ала Хеили аинтернет аҿы иқәлыргылаз дахәаԥшуеит; 2) Хеили Аҳратә зал азааигәара иҟоу амашьына аргыларҭаҽы лыԥсахы еибакны Силиа длацәажәоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аҭынчра еилазго шәҽацәышәыхьчала» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Еиларгар шԥарылшо ҳажәақәа аизараҿы иҟоу аҭынчра?

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Еснагь аҭынчра шәашьҭаз», иагьгәашәҭ аизараҿы аҭынчра шеиҭашьақәыргылаз.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt ахы 25, абз. 14—21

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | 2025 шықәсазтәи арегионалтә конгресс азы ашәа, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра