МАИ 5—11
АЖӘАМААНАҚӘА 12
Ашәа 101, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Аџьабаа убозар, уи уԥылоит
(10 мин.)
Баша аамҭа нышәымхлан (Ажәм 12:11).
Гәыкала аџьабаа жәбала (Ажәм 12:24; w16.06 30, абз. 6).
Шәџьабаа шәԥымлар ауӡом (Ажәм 12:14).
АЛАБЖЬАРА. Иҟаҳҵо аус еиҳа агәырӷьара ҳзаанагалоит ҳџьабаа егьырҭ хәарҭас ирзаанаго ҳазхәыцлар (Аус 20:35; w15 1/2 5, абз. 4—6).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Ажәм 12:16. Ишԥаҳацхраауеи ари ажәеинраалаҿы иаагоу апринцип ҳшьара ҳақәызҟьо аҭагылазаашьақәа рыхгара? (ijwyp-U астатиа 95, абз. 10, 11).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мк 14:27—42 (th аурок 5).
4. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 4).
5. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 5, апункт 4).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ахәыҷқәа змоу ауаҩы ҳсаит ирба (lmd аурок 9, апункт 3).
7. Зыгәра жәго деилшәыркаала
(3 мин.) ijwfq-U, астатиа 3 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Считают ли Свидетели Иеговы, что только их религия истинная?» (lmd аурок 4, апункт 3).
Ашәа 21
8. Иегова аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраауеит
(15 мин.). Ахцәажәара.
Ари адунеи аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа есымша аҽаԥсахуеит. Иҟалап, шәара аусура шәамырхыр ҳәа шәшәозар, мамзаргьы аусурҭа шәымамзар. Ма иҟалап ишәымоу аарла ҳәа ишәызхозар, насгьы шәықәра цар исыԥсыхәоузеи ҳәа шәхәыцуазар. Аха Иегова ажәа ҳаиҭоит: ҳаԥсҭазаараҿы иара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дҳаргылозар, уи даҳхылаԥшуеит. Иара аԥара иадҳәалоу ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәаргьы дҳацхраауеит (Аԥс 46:1—3; 127:2; Мф 6:31—33).
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова ҳаанимыжьӡеит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Ишәнарҵазеи Франсиско Альварадо еиҭеиҳәаз?
Аӡырҩцәа 1 Тимофеи 5:8 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:
Ишԥарӷәӷәо ари ажәеинраала шәхаҵара Иегова иҭаацәа, даҽакала иуҳәозар, гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа, еснагь дышреиҷаҳало аганахьала?
Аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәрықәшәазар, абарҭ абиблиатә принципқәа шәыцхраар алшоит:
Шәыԥсҭазаашьа шәырмариа. Иаҭахым ауал ҟашәымҵалан, иара убас иаԥсам акы аԥара ақәшәмырӡлан (Мф 6:22).
Аусура ма аҵара иадҳәалоу аӡбарақәа аншәыдышәкыло, Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала (Фп 1:9—11).
Аԥагьара аамырԥшӡакәа аҭагылазаашьақәа шәыҽрықәшәыршәала. Шәусура шәамырхзар, иарбанзаалак аус анагӡара шәазхиаз, уиаҟара ахьӡ амаӡам ҳәа ирыԥхьаӡогьы. Убас шәҭаацәа рныҟәгара шәылшоит (Ажәм 14:23).
Ишәымоу рацәамзаргьы, уи егьырҭ рыцеиҩшара шәазхиаз (Аур 13:16).
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt ахы 26, абз. 1—8, ад. 204, 208 рҿы иану арамкақәа