ИИУН 9—15
АЖӘАМААНАҚӘА 17
Ашәа 157, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
Ажәытәан Израиль хаҵеи-ԥҳәыси ҭынч еидтәаланы ирымоу ахәыҷы рфоит
1. Шәҭаацәараҿы аҭынчра ыҟазааит
(10 мин.)
Аҭынчра ыҟазарц азы аџьабаа абара иаԥсоуп (Ажәм 17:1; шәахәаԥш асахьа).
Амаҷ азы ажәа еимашәымклан (Ажәм 17:9; g-U 9/14 11, абз. 2).
Шәемоциақәа шәиааиртә рылшәмыршалан (Ажәм 17:14; w08-U 1/5 10, абз. 6 — 11, абз. 1).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Ажәм 17:24. Ишԥеилкаатәу «ахшыҩда илақәа адунеи аҵыхәахь ирхоуп» ҳәа иану ажәақәа? (it-1-U 479, абз. 6).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мк 15:33—47 (th аурок 10).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 5).
5. Ацәажәара шәалага
(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 6, апункт 4).
6. Ажәахә
(5 мин.) ijwbv-U астатиа 60. Атема: «Что означают слова из Притч 17:17?» (th аурок 13).
Ашәа 113
7. Шәҭаацәараҿы гәаартыла шәеицәажәала
(15 мин.) Ахцәажәара.
Аҭаацәараҿы зегьы насыԥ рымазарц азы гәаартыла аицәажәашьа рдыруазароуп. Уи абзоурала аҭаацәараҿы зегьы командак еиԥш еидгылоит, иқәдыргылаз ахықәкқәагьы еицынарыгӡоит. Уи адагьы, дара аамҭа цәгьақәа раан еицхыраауеит (Ажәм 15:22). Иҟашәҵар шәылшои шәҭаацәараҿы зегьы ргәы иҭоу аартны ирҳәаларц азы?
Аамҭа еицышәхыжәгала (Ҩнтә 6:6, 7). Аҭаацәараҿы зегьы иҟарҵо еицыҟарҵозар, иаҳҳәап аҩнтәи аусқәа, адоуҳатә усқәа, иара убас рыԥсы еицыршьозар, рыбжьара абзиабареи агәрагареи еизҳалоит. Иара убас уи ҭынч аицәажәара алшара рнаҭоит. Ҳҭаацәа еиҳа ирацәаны аамҭа рыцаҳхаҳгаларц азы зны-зынла ҳхатә усқәа мап рцәаҳклар акәхоит. Уи шымариамгьы, убас ҟаҳҵалар, азылԥхарақәа ҳауеит (Фп 2:3, 4). Иҟашәҵар шәылшои аамҭа анеицышәхыжәго еиҳагьы агәырӷьара шәоуларц азы? (Еф 5:15, 16).
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аҭаацәараҿы аҭынчреи анасыԥи аиура ишәыцхраауа. Аицәажәара бзиа шәымаз». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Иаԥырхагахар шԥалшо аелектронтә хархәагақәа аҭаацәараҿы аицәажәара бзиа?
Ишәнарҵазеи уаҳа ари авидеонҵамҭа аицәажәара бзиа аганахьала?
Ибзианы шәӡырҩла (Иак 1:19). Ахәыҷқәа ргәы иҭоу аартны аҳәара иацәшәалаӡом, ишеилышәкаауа, насгьы шәшырмаӷьуа агәра ганы иҟазар. Шәхәыҷы ииҳәо шәгәамԥхаргьы, иаразнак шәмыҵҟьалан (Ажәм 17:27). Ахәыҷы данцәажәо иажәа ԥышәымҟалан. Иара ус игәы изаанаго, ма ус ихы зибо аилкаара шәҽазышәшәа. Убасҟан ицхраара шәылшоит, бзиа дшыжәбогьы ишәырбоит.
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt ахы 27, абз. 19—22, ад. 212 аҿы иану арамка