Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 маи ад. 15—16
  • Ииун 30 — ииуль 6

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииун 30 — ииуль 6
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 маи ад. 15—16

ИИУН 30 — ИИУЛЬ 6

АЖӘАМААНАҚӘА 20

Ашәа 131, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Аибадырреи аҭаацәара алалареи рганахьала ииашоу аӡбарақәа шәыдышәкылала

(10 мин.)

Иегова аибадырреи аҭаацәара алалареи дшахәаԥшуа шәхашәмыршҭлан (Ажәм 20:24, 25; w24.05 26—27, абз. 3, 4).

Ауаҩы еиҳа еиӷьны иабадырра шышәҭаху иашәҳәаанӡа ихымҩаԥгашьа шәацклаԥшла (Ажәм 20:18; w24.05 22, абз. 8).

Шәеиқәшәонаҵы иахьынӡалшо еиӷьны шәеибадырла (Ажәм 20:5; w24.05 28, абз. 7, 8).

Аҩызцәа реиқәшәараҿы еиҳа еиӷьны еибадырырц зҭаху аиашьеи аиаҳәшьеи еидтәаланы аҷҷаҳәа еицәажәоит. Рнаҩс, маҷк инахараны егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи еицәажәоит.

ИШӘХАШӘМЫРШҬЛАН: аибадырра хықәкыс иамоу аҭаацәара алалара акәӡам, аха ииашоу аӡбара адкылара ауп.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 20:27. Ҵакыс ирымоузеи «ауаҩы иԥсыԥ алагаҩагара — Иегова изы лашарбагоуп» ҳәа иҳәоу ажәақәа? (it-2-U 709, абз. 10).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 1:18—33 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ааигәа даҽа тәылак аҟынтә арахь нхара дшааз иҳәоит (lmd аурок 3, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы апрограмма JW Library аӡбахә изеиҭаҳәаны, уи иелектронтә хархәагахь ишҭеигалаша ирба (lmd аурок 9, апункт 5).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(4 мин.) ijwbq-U, астатиа 159 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Идут ли животные на небо?» (lmd аурок 3, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 78

7. Ауаа иҳамоу абиблиатә курс рыдыжәгалала

(5 мин.). Ахцәажәара.

Ҳмаҵзура ихадоу ахәҭа — ауаа Абиблиа аҵара рыдгалара ауп. Избанзар дара Анцәа Иажәа иану еилырымкаакәа Христос ишьҭанеицәа ракәны изыҟалаӡом (Рм 10:13—15). Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо, ауаа Абиблиа аҵара рыдгалара хықәкыс изықәаҳмыргылари? Раԥхьа еилышәкаа ауаҩы зинтерес имоу атема. Анаҩс абиблиатә курс изҵаара аҭак шыҟанаҵо ишәырба, насгьы иҵегьы хәарҭас изаанагар алшо иеилшәыркаа.

Асаит jw.org аҟны иҟоу «Ҳбиблиатә курс шәалага» захьӡу азхьарԥш.

Шәара асаит jw.org аҿы иҟоу «Ҳбиблиатә курс шәалага» захьӡу азхьарԥш ала ауаҩы Абиблиа аҵара идыжәгалар шәылшоит.

  • Ишԥашәылшо «Ҳбиблиатә курс шәалага» захьӡу азхьарԥш ала ауаҩы Абиблиа аҵара идыжәгалар?

  • Иарбан знеишьақәоу Абиблиа аҵара алагаразы шәара шәҭыԥ аҿы еиҳа еиӷьу?

8. «Ҳорганизациа еихьӡарас иҟанаҵаз» (ииун)

(10 мин.) Идырба АВИДЕОНҴАМҬА.

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt ахы 28, абз. 8—15

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 150, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра