Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ииуль ад. 11—16
  • Август 11—17

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Август 11—17
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ииуль ад. 11—16

АВГУСТ 11—17

АЖӘАМААНАҚӘА 26

Ашәа 88, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ахшыҩдақәа рымԥан шәықәымлан

(10 мин.)

Ихшыҩдоу ауаҩы шамахамзар апатуи аҳаҭыри иаҭәаршьаӡом (Ажәм 26:1; it-1-U 632, абз. 6).

Ихшыҩдоу ауаа лассы-лассы қәнагала ахьырхәра рҭахуп (Ажәм 26:3; it-1-U 481, абз. 3—5)a.

Ихшыҩдоу ауаҩы узиқәгәыӷӡом (Ажәм 26:6; it-2-U 1137, абз. 2).


ИААНАГО. Абиблиаҿы аилкаареи, аҟәыӷареи, Анцәа ишьақәиргылаз анормақәеи мап рцәызкуа ауаҩы ахшыҩда ҳәа изҳәоуп.

Иқәыԥшу аиашьа дымлакҩакӡакәа аҭел аҿы акы иахәаԥшуа иҩызцәа дырԥырҵны дцоит.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 26:4, 5. Избан арҭ ажәамаанақәа еиҿагылаӡом ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (it-1-U 482, абз. 1).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 3:1—17 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абуклет ухы иархәаны ацәажәара уалага (lmd аурок 1, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡа абуклет зуҭаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 7, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) Абиблиа зурҵои уареи шәҽазыҟашәҵа, иҭынха Абиблиа аӡбахә изеиҭаҳәара илшарц азы (lmd аурок 11, апункт 5).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 94

7. Абиблиа аҭҵаара аҟәыӷара шәнаҭоит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Асахьақәа реизга: 1) аиаҳәшьа аҩны Абиблиа ҭылҵаауеит, лкомпиутер аекран аҿы асаит jw.org аҟынтә абыжьҭыгарадатә бызшәала иҟоу авидеонҵамҭа убоит; 2) аиашьа аԥсшьараамҭа аан аусураҿы Абиблиа ҭиҵаауеит, иара иҭел дахәаԥшуеит, илымҳа анаушникқәа ҭоуп; 3) зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа апланшет аҿы апрограмма JW Library аартны илкуп; 4) аизараҿы ани аԥеи апланшет аҿы апрограмма JW Library аартны иахәаԥшуеит.

Апостол Павел Тимофеи игәалаиршәеит даниз инаркны идырҵоз Иԥшьоу Аҩыра иану аҵабырг шаҟа ихадоу. Уи аҵабырг Тимофеи аиқәхара ицхраауаз аҟәыӷара инаҭон (2Тм 3:15). Уи аҵабырг ахә ҳаракуп, убри аҟынтә ақьырсиан изы Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи хадоуп. Аха аҭҵаара бзиа иҳамбозар?

Аӡырҩцәа 1 Пиотр 2:2 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Бзиа иаҳбар ҳалшома Абиблиа аҭҵаара?

  • Иҟаҳҵар ҳалшои Анцәа Иажәа аҭҵаара агәаҳәара ҳамазарц азы? (w18.03 28, абз. 6).

  • Иҳацхраар шԥалшо Иегова иорганизациа иаҳнаҭо аелектронтә ресурсқәа Абиблиа аҭҵаара еиҳа аинтерес аҵаны аҟаҵара?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳорганизациа еихьӡарас иҟанаҵаз. Апрограмма JW Library ахархәаразы алабжьарақәа». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иарбан хәарҭоу апрограмма JW Library® ишәзаанаго?

  • Иарбан функциақәоу уи апрограммаҿы ишәгәаԥхо?

  • Иарбан функциақәоу зхархәашьа шәҵарц ишәҭаху?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 8, 9

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 89, Анцәа иҳәара

a Ажәамаанақәа 26:3 аҿы ажәа «алаба» ахшыҩ аҭагалара, ма амчра аанагозар алшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра