СЕНТИАБР 15—21
АЖӘАМААНАҚӘА 31
Ашәа 135, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Иаҳнарҵозеи Ажәамаанақәа рышәҟәаҿы иану ан лхәыҷы илҭо амҩақәҵарақәа
(10 мин.)
Шәхәыҷқәа ирзеиҭашәҳәала Иегова аҭаацәара алалареи асекси дшырзыҟоу (Ажәм 31:3, 10; w11-U 1/2 19, абз. 7, 8).
Шәхәыҷқәа шәрыцхраала Иегова арыжәтә дшазыҟоу еиԥш иазыҟазарц (Ажәм 31:4—6; ijwhf-U астатиа 4, абз. 11—13).
Шәхәыҷқәа егьырҭ ишрыцхраалатәу аганахь ала Иегова иҿыԥшшьа дшәырҵала (Ажәм 31:8, 9; g17.6-U 9, абз. 5).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Ажәм 31:10—31. Изакәызеи акрожәеинраала, насгьы ишԥарыцхраауаз уи Иԥшьоу Аҩыра ацыԥҵәахақәа ргәынкылара? (w92-U 1/11 11, абз. 7, 8).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 5:1—16 (th аурок 10).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Бзиарак зҳәаз ма иҟазҵаз ауаҩы иацәажәара уалага (lmd аурок 5, апункт 3).
5. Ацәажәара шәалага
(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А «Зыӡбахә аҳәара ҳгәаԥхо аҵабыргқәа» аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 1, апункт 4).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(5 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан 2025 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» № 1 згаз ауаҩы иҷыдоу ажәахә ахь ааԥхьара иҭ (lmd аурок 7, апункт 4).
Ашәа 121
7. Ахәыҷқәа шәрыцхраала аелектронтә хархәагақәа ҟәыӷарала рхы иадырхәаларц
(8 мин.). Ахцәажәара.
Игәашәҭахьазар ҟалап ахәыҷқәа аҭел ма апланшет шаҟа ибзианы ахархәашьа рдыруа. Ахәыҷқәа рзы урҭ аус шыруа аилкаара зынӡа имариоуп. Аха урҭ ҟәыӷарала рхархәашьа рхаҭа ирызҵаӡом, уи дырҵалатәуп. Шәара ахәыҷқәа шәымазар, шәрыцхраар шԥашәылшо аелектронтә хархәагақәа ҟәыӷарала рхы иадырхәаларц азы?
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аамҭа ҟәыӷарала ухы иархәала!». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Избан аҭаацәа рхәыҷы аҭел ма апланшет шаҟа аамҭа ақәирӡло рыӡбар зрыхәҭоу?
Иарбан усқәоу иҵегьы аамҭа ззалхлатәу?
Ҳҭаацәараҿы ԥҟарақәак анышьақәҳаргыло, рацәак ҳамхәыцкәа егьырҭ аҭаацәарақәа рҿы ишыҟарҵо еиԥш аҟаҵара иаԥсаӡам. Еиӷьхоит уи абиблиатә принципқәа ҳрызхәыцны иҟаҳҵалар (Гл 6:5). Иаҳҳәап, абас ҳхы ҳазҵаар ауеит:
Схәыҷы селектронтә хархәага исыркларц ма ихатәы имазарц сҭахызар, иубарҭоума ихымҩаԥгашьа иаанаго алҵшәақәа рзы ихаҭа аҭак аҟаҵара шилшо, насгьы ишахәҭоу еиԥш аҽынкылара аарԥшышьа шидыруа? (1Кр 9:25).
Иаԥсоума схәыҷы иааигәара аӡәгьы даныҟам аелектронтә хархәага ихы иаирхәаларц азин иҭара? (Ажәм 18:1).
Иарбан программақәоу ма саитқәоу ихы иаирхәалар ҟало, иарбанқәоу иҟамло? (Еф 5:3—5; Фп 4:8, 9).
Шаҟаамҭа схәыҷы аҭел, апланшет, ма акомпиутер ихы иаирхәаларц азин исҭои егьырҭ ихадоу аусқәагьы дрыхьӡаларц, насгьы аԥсшьареи агәырҿыхареи рзы иҟоу егьырҭ алшарақәагьы ихамышҭларц азы? (Ек 3:1).
8. Аизара аҭахрақәа
(7 мин.)
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 18, 19