Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ноиабр ад. 2—3
  • Ноиабр 3—9

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ноиабр 3—9
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ноиабр ад. 2—3

НОИАБР 3—9

СОЛОМОН ИАШӘА 1, 2

Ашәа 132, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Абзиабара ӷәӷәа иазку аҭоурых

(10 мин.)

[Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ашәҟәы Соломон иашәа ахҳәаа».]

Соломон дааҟәымҵӡакәа суламиттәи аҭыԥҳа ажәа хаақәа леиҳәон, зыхә цәгьаз аҳамҭақәагьы лыдигалон (Ашә 1:9—11).

Суламиттәи аҭыԥҳа ахьча дизиашаны даанхеит, избанзар уи бзиа дылбон (Ашә 2:16, 17; w15 15/1 29, абз. 9, 10).

Соломон суламиттәи аҭыԥҳа иқьалахь дааиԥхьоит, аха лара мап лкуеит. Лара дхьаҳәны лнапқәа лгәыҵалыԥсеит. Хҩык Соломон имаҵуцәа ақьала аԥхьа игылоуп. Урҭ ампахьшьи, агәыблааи, аирыӡи ркуп.

АЛАБЖЬАРА. Аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы Соломон иашәа шәанаԥхьо, иану ажәақәа зҳәаз дызусҭоу еилышәкаарц азы «Ахҳәаа» шәахәаԥшла.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ашә 2:7. Иарбан ҿырԥшу идлырбаз суламиттәи аҭыԥҳа аҭаацәара иаламлац ақьырсианцәа? (w15 15/1 30, абз. 11).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 7:18—35 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 1, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 18, алагалажәа, иара убас апунктқәа 1—3 (th аурок 8).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 46

7. Анцәа згәы ҭбаау ауаҩы дизылԥхоит

(15 мин.) Ахцәажәара. Имҩаԥигоит аизара ахылаԥшҩы.

Ауаҩы егьырҭ рзы иаамҭа данамеигӡо, насгьы имоу анрыцеиҩишо Анцәа уи дизылԥхоит. Аӡәы ҳамҭак аниаҳҭо, уи дамыргәырӷьар ауӡом. Аха ҳхаҭагьы аӡәы ак аниаҳҭо агәырӷьара ҳауеит (Ажәм 22:9). Ҳара агәырӷьара ҳауеит, избанзар Ҳазшаз ҳаиҿыԥшуеит. Аха еиҳарак ҳзыргәырӷьо: агәыҭбаара анааҳарԥшуа, уи Иегова игәы ахьыҟанаҵо ауп (Ажәм 19:17; Иак 1:17).

Аӡӷаб хәыҷ хатәгәаԥхарала аԥара ахьҭарыԥсо аиашьыкь аԥара ҭалҵоит.
Ахаҵа ипланшет аҿы аинтернет ала есымза хатәгәаԥхарала аԥара алаҵаразы иаҭаху афункциа аҿеикуеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Агәыҭбаара агәырӷьара узаанагоит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Рхы шԥарбоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи адунеизегьтәи ҳаиашьара дара рахь агәыҭбаара анаадырԥш?

  • Рхы шԥарбо дара рхаҭақәагьы агәыҭбаара аарԥшны ирымоу егьырҭ ианрыцеиҩыршо?

Еиҳаны еилышәкаа

Адырга «Пожертвования», уа амонета зку анапы ануп.

Ишԥашәылшо хатәгәаԥхарала аԥара алашәҵар, Иегова ишаҳаҭцәа рус шәацхраарц азы? Апрограмма JW Library ихадоу адаҟьаҿы ҵаҟа «Пожертвования» ҳәа ахьану шәақәыӷәӷәа. Тәылақәак рҿы асаит donate.jw.org аҿы иҟоуп «Ответы на часто задаваемые вопросы» захьӡу адокумент.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 32, 33

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 137, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра