Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ноиабр ад. 6—7
  • Ноиабр 17—23

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ноиабр 17—23
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ноиабр ад. 6—7

НОИАБР 17—23

СОЛОМОН ИАШӘА 6—8

Ашәа 34, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Анцәа ицқьоу инормақәа шәрықәныҟәала

(10 мин.)

Суламиттәи аҭыԥҳа лашьцәа ирҭахын раҳәшьа лхымҩаԥгашьа цқьазарц (Ашә 8:8, 9; it-U «Песнь песней, книга Библии», абз. 11).

Лара дхызхыр алшоз лҽалҭаӡомызт, убри аҟынтә лгәы ҭынчын (Ашә 8:10; yp-U 188, абз. 2).

Ари аҭыԥҳа иқәыԥшу ақьырсианцәа аҿырԥш бзиа рылҭеит (yp2-U 33).

Хҩык израильтәи ахацәа рнапқәа ргәыҵаԥсаны ахаҳә иалху аҭӡамц иадгылоуп.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Срыцхраар шԥасылшо аҭаацәара иалам ақьырсианцәа иаарту ашә еиԥш акәымкәа, аҭӡамц еиԥш иҟазарц азы, даҽакала иуҳәозар, рхымҩаԥгашьа цқьазарц?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ашә 8:6. Избан абзиабара ӷәӷәа «Иах имцабз» ҳәа зазҳәоу? (w15 15/1 28, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 8:1—18 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Асаит jw.org иазку аинформациа зну азхьарԥшга бӷьыц ухы иархәаны ацәажәара уалага (lmd аурок 4, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Иҳамоу абуклетқәа руак ухы иархәаны ауаа аус ахьыруа аҭыԥ аҿы ацәажәара уалага (lmd аурок 1, апункт 4).

6. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Гәаартыла ацәажәара шәалага. Ауаҩы Абиблиа аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәара уахьӡаанӡа аицәажәара хыркәшахоит (lmd аурок 2, апункт 4).

7. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U, астатиа 43 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Есть ли у Свидетелей Иеговы какие-нибудь правила насчёт свиданий?» (th аурок 7).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 121

8. «Асексуалтә ламысдара шәацәыбналала»

(15 мин.) Ахцәажәара.

Соломон иашәаҿы иануп ахьча суламиттәи аҭыԥҳа ныҟәара ааԥхьара шлиҭаз (Ашә 2:10—14). Ахьча цәгьарас ҳәа акгьы игәы ишҭамызгьы, аӡӷаб лашьцәа аҟәыӷара аарԥшны раҳәшьа аусутә лыдырҵеит, уи ааԥхьара адкылара лылымшарц азы (Ашә 2:15). Дара еилыркаауан уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы ахьчеи раҳәшьеи еизаанхар, агәнаҳахь инанагар шалшоз.

Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит: «Асексуалтә ламысдара шәацәыбналала» (1Кр 6:18). Ҳара агәнаҳахь ҳназгар алшо зегьы ҳацәыбналалароуп. Суламиттәи аҭыԥҳа лыӡбахә ҳзеиҭазҳәаз Соломон, иара убас иҩит: «Иҟәышу ашәарҭара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит. Аԥышәа змам ԥхьаҟа дцоит, уи иахҟьангьы агәаҟрақәа дрықәшәоит» (Ажәм 22:3).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Анцәа „ҳгәы маӡас иҭоу зегь“ идыруеит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишәнарҵазеи ари авидеонҵамҭа?

    Авидеонҵамҭа «Анцәа „ҳгәы маӡас иҭоу зегь“ идыруеит» аҟынтә асахьа. Аиашьа аизараҿы дыштәоу смс-аацҳара иоуеит.
    Авидеонҵамҭа «Анцәа „ҳгәы маӡас иҭоу зегь“ идыруеит» аҟынтә асахьа. Ашкол аҿы аиашьа асқам аҟны аӡӷаб длыдтәалоуп. Лара инапы дахькьысуеит.
    Авидеонҵамҭа «Анцәа „ҳгәы маӡас иҭоу зегь“ идыруеит» аҟынтә асахьа. Аиашьа акрыфарҭаҿы астол дахатәаны иани иаби драцәажәоит.

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 36, 37

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 51, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра