ДЕКАБР 1—7
ИСАИА 3—5
Ашәа 135, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Иегова ҳаизыӡырҩларц ҳаиҳәоит, уи азы азингьы имоуп
(10 мин.)
Иегова зегь иреиӷьыз ажь еиҭеиҳаит, аҽаҩра бзиагьы дазыԥшын (Иса 5:1, 2, 7; ip-1-U 73—74, абз. 3—5; 76, абз. 8, 9).
Иегова иӡахәаҭра абнашәыр мацара ауп инаҭаз (Иса 5:4; w06-U 15/6 18, абз. 1).
Иегова иӡахәаҭра цәҳәыраны ишыҟаиҵо иҳәеит (Иса 5:5, 6; w06-U 15/6 18, абз. 2).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥасыцхраауеи аӡахәаҭра иазку ари ажәамаана Иегова игәы изырхьуа ҟасымҵаларц?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Иса 5:8, 9. Игәы злаидырхьуази израильаа Иегова? (ip-1-U 80, абз. 18, 19).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 8:35—56 (th аурок 5).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә видеонҵамҭак ирбаны уалацәажәа (lmd аурок 1, апункт 5).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы апрограмма JW Library аӡбахә изеиҭаҳәаны, уи иелектронтә хархәагахь ишҭеигалаша ирба (lmd аурок 9, апункт 5).
6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
(5 мин.) Зҭаацәараҿы аҿагыларақәа ирықәшәаз Абиблиа зурҵо ауаҩы игәы шьҭых (lmd аурок 12, апункт 4).
Ашәа 65
7. Аизара аҭахрақәа
(15 мин.)
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 40, 41