Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ноиабр ад. 14—15
  • Декабр 22—28

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Декабр 22—28
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ноиабр ад. 14—15

ДЕКАБР 22—28

ИСАИА 11—13

Ашәа 14, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Мессиа изку абиблиатә ԥааимбаражәақәа

(10 мин.)

Иара Иессеии уи иԥа Давиди рышьҭра датәызаауеит (Иса 11:1; ip-1-U 159, абз. 4, 5).

Иара иԥшьоу адоуҳаи Иегова иҿаԥхьа ашәара адоуҳаи имазаауеит (Иса 11:2, 3а; ip-1-U 159, абз. 6; 160, абз. 8).

Иара аиашареи арыцҳашьареи злоу ӡбаҩхоит (Иса 11:3б—5; ip-1-U 160, абз. 9; 161, абз. 11).

Ажәҩан аҿы Аҳ Иисус Христос џьанаҭ дгьыл инапы ақәкны икуп.

АЗХӘЫЦРАЗЫ: избан Иисус ауаа рҟынтә дарбанзаалак анапхгаҩ иаасҭа дзеиӷьу?

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иса 11:10. Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа? (ip-1-U 165—166, абз. 16—18).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 9:46—62 (th аурок 11).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 2, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы иуиҭаз азҵаара асаит jw.org ухы иархәаны аҭак ҟаҵа (lmd аурок 8, апункт 3).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) Абиблиа зурҵо ауаҩы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара аҽазыҟаҵара уицхраа (lmd аурок 11, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 57

7. Шәшыӡбо иашоума?

(15 мин.) Ахцәажәара.

Ҩыџьа аишьцәа ататуировкақәа змоу дыџьбаразшәа иубо хаҵак ажәабжь бзиа изеиҭарҳәоит. Иуаҭах аҭӡамц аҿы хеви-метал ргәыԥ асахьа кыдуп. Еиҳа иқәыԥшу аиашьа ахаҵа авидеонҵамҭа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара» иирбоит.

Ҳара есыҽны, уи ҳазгәамҭозаргьы, ауаа ахәшьара раҳҭоит. Уи шыҟаҳҵо еиҳараӡак иаҳбо ала ауп. Аха ҳазҿыԥшлар ҳҭаху Иисус даҽакала ауп ауаа ахәшьара шриҭо (Иса 11:3, 4). Иара ауаҩы игәы ибоит, уи дзызхәыцуа, мотивқәасгьы имоу идыруеит. Ҳара уи аҩыза ҳалшаӡом. Аха иҳалшоит Иисус ауаа дшырзыҟоу еиԥш ҳарзыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар. Иара иҳәеит: «Ижәбо ала шәмыӡбалан, ииашаны шәыӡбала» (Ин 7:24).

Ауаа рҭеиҭыԥш ала ахәшьара раҳҭозар, ажәабжьҳәара ҳгәы ахшәар алшоит, уи ҳажәабжьҳәара алҵшәагьы иҽеимкәа ианыԥшыр ауеит. Шәхы шәазҵаа: «Иҟоума ажәабжьҳәара ахьысцәыцәгьоу ҭыԥқәак, уа лымкаала милаҭк ма динхаҵарак иатәу ауаа ахьынхо иахҟьаны? Ибеиоугьы иӷаругьы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара сгәаԥхома? Иҟалома ауаҩы сихәаԥшны ус санхәыцуа: ари ажәабжь бзиа иҭаххарым?» Ишәхашәмыршҭлан Анцәа «еиуеиԥшым ауаа аҵабырг еилыркаарц, насгьы еиқәхарц» шиҭаху (1Тм 2:4).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «„Ахьчаратә бааш“ аҟынтә ихадоу азхәыцрақәа. Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иарбан ауаа реилыхра иадҳәалоу ҭагылазаашьақәоу ари авидеонҵамҭаҿы зыӡбахә ҳәоу?

  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еилаҳхуазҭгьы, ишԥаныԥшуаз уи аизара?

  • Ирыцхраазеи ари авидеонҵамҭаҿы иарбаз ақьырсианцәа, ауаа рҭеиҭыԥш мацара иахәаԥшны имыӡбаларц?

  • Ишәнарҵазеи шәара «Ахьчаратә бааш» аҟынтә иаагоу ари астатиа?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 46, 47

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 12, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра