Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ԥхьаԥшьаҩыс данбаҟалеи Иисус? Аамҭак азы аума аиқәшаҳаҭра ҿыц анышьақәырӷәӷәаз, насгьы уи аус аура ианалагаз?
Ашьақәырӷәӷәарақәа излаҳдырбо ала, Иисус Ԥхьаԥшьаҩыс дҟалеит аӡы иҽанӡааих 29 шықәса ҳ. ҳ. азы. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу зыӡбахә ҳҳәо? Иисус аӡы иҽанӡааих, «амҭанагарҭахь» иԥсҭазаара анагара дшазхиаз ааирԥшит. Уи амҭанагарҭа Анцәа «игәаҳәара» аанарԥшуеит (Гал. 1:4; Аур. 10:5—10). Амҭанагарҭа Иисус иҽанӡааих инаркны иҟоуп. Ус анакәха, убасҟан ауп адоуҳатә ныҳәарҭа дугьы анцәырҵыз, избанзар амҭанагарҭа аныҳәарҭа ада изыҟалом. Адоуҳатә ныҳәарҭа ду ахь иаҵанакуеит аҿыхра шьаҭас измоу Иегова имҵахырхәара иадҳәалоу зегьы (Матф. 3:16, 17; Аур. 5:4—6).
Адоуҳатә ныҳәарҭа ду аҿы аԥхьаԥшьаҩы дыҟазароуп. Убри аҟынтә Иегова «иԥшьоу адоуҳаи амчи рыла» Иисус ԥхьаԥшьаҩыс далихит (Аус. 10:37, 38, АдҾ; Марк 1:9—11, АдҾ). Аха избан агәра ганы ҳзыҟоу Иисус дыԥсаанӡа, насгьы иԥсы ҭалаанӡа Ԥхьаԥшьаҩыс дшыҟалаз? Уи азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы шәааи ԥхьаԥшьаҩцәас амаҵ зуаз Аарон ишьҭрамдаҩцәеи иареи рҿырԥштәы еилҳаргап.
Азакәан инақәыршәаны аԥхьаԥшьаҩы иакәын азин змаз Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҩналара. Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьоу аҭыԥи аԥарда рыбжьан. Аԥхьаԥшьаҩы Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ Аҿыхра амш аҽны акәын даныҩналоз (Аур. 9:1—3, 6, 7). Аарон ишьҭрамдаҩцәеи иареи ԥхьаԥшьаҩцәас ианыҟала ауп Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҩналара азин анроуз. Ус анакәха, Иисусгьы дыԥсаанӡа, насгьы «аԥарда, ицәеижь, днаханы» ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа ауп Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду аҿы Ԥхьаԥшьаҩыс даныҟала (Аур. 10:20). Убри азы ауп Павел изиҳәаз «Ԥхьаԥшьаҩыс Христос дааит», насгьы «ажәҩан даҭааит» ҳәа (Аур. 9:11, 24).
Аиқәшаҳаҭра ҿыц анышьақәырӷәӷәаз, насгьы аус аура ианалагаз аамҭак азы ауп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иисус ажәҩан ахь данхала, насгьы иаҳзыҟаиҵаз аԥсхҭынҵара Иегова идикыларц даниҳәа, аиқәшаҳаҭра ҿыц ашьақәырӷәӷәаразы иара х-шьаҿак рҟынтә ҩ-шьаҿак ҟаиҵеит. Убарҭ х-шьаҿак роуп аиқәшаҳаҭра ҿыц аус аура иалазыргазгьы. Иарбанқәаз урҭ?
Актәи, Иисус Иегова иахь днеит; аҩбатәи, иҟаиҵаз аԥсхҭынҵара Иегова идикыларц диҳәеит; ахԥатәи, Иегова уи аԥсхҭынҵара идикылеит. Абарҭ ашьаҿақәа рыда аиқәшаҳаҭра ҿыц аус ауӡомызт.
Ианбаидикылеи Иегова Иисус иԥсхҭынҵара? Абиблиа уи инҭкааны иаҳәаӡом. Убри аҟынтә аиқәшаҳаҭра ҿыц анышьақәырӷәӷәаз, насгьы уи аус аура ианалагаз инҭкааны иҳазҳәаӡом. Аха ҳара иаҳдыруеит Иисус ажәҩан ахь дшыхынҳәыз Аҩынҩажәижәабамшы 33 шықәса ҳ. ҳ. жәамш шагыз (Аус. 1:3). Ус анакәха, убарҭ жәамш рыҩныҵҟа ауп Иисус иаҳзыҟаиҵаз аԥсхҭынҵара Иегова идикыларц даниҳәа, насгьы Иегова уи анидикыла (Аур. 9:12). Аҩынҩажәижәабамшы аҽны уи аиқәшаҳаҭра аус аура ишалагаз еилыкаа иубарҭахеит (Аус. 2:1—4, 32, 33). Уи аҽны иҟалаз ахҭысқәа иудырбон аиқәшаҳаҭра ҿыц шышьақәырӷәӷәаз, насгьы аус аура ишалагаз.
Иҟаҳҵап алкаа. Аиқәшаҳаҭра ҿыц шьақәырӷәӷәахеит, насгьы аус аура иалагеит Иегова Иисус иԥсхҭынҵара анидикыла, насгьы Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳала ианалих ашьҭахь. Уи аиқәшаҳаҭра Цҳаражәҳәаҩыс дамоуп Аԥхьаԥшьаҩы Иисус (Аур. 7:25; 8:1—3, 6; 9:13—15).