Стерьерқәа рзы ахаа-мыхаақәа
АРИ ахҭыс Ник зыхьӡу ахаҵа изкуп. Иара Америкатәи аштат Орегон аҿы дынхоит. Иара иҩит: «Ааԥын, 2014 шықәсазы ақалақь аҿы слақәа сырныҟәо салагеит. Сара ҩ-терьерк сымоуп. Ҳанныҟәоз лассы-лассы Иегова ишаҳаҭцәа ҳрықәшәалон. Дара урҭ аҭыԥқәа рҿы астендқәа рыла ажәабжь рҳәон. Ҳраҩсцыԥхьаӡа игәасҭон урҭ еиҿкааны ишеилаҳәаз, насгьы иҿаԥха-ҿаччо зегьы аԥсшәа шрарҳәоз.
Иазгәасҭар сҭахуп, дара слақәагьы ишрахәмарлоз. Ҽнак, Елеин зыхьӡыз Иегова ишаҳаҭыз аӡӷаб слақәа апечениа рҿалҵеит. Слақәа уи ргәамԥхар ауӡомызт! Убри нахыс урҭ аҭыԥқәа рҿы ҳанныҟәоз слақәа астендқәа рахь исыханы сыргон.
Убас мызқәак цеит. Уи астенд иадгылаз рҟынтә слақәа ахаа-мыхаақәа роуан, саргьы маҷк Иегова ишаҳаҭцәа саарацәажәалон. Аха урҭ срылаҵәаны рацәажәара сҭахӡамызт. Сара 80 шықәса схыҵырц егь сыгмызт, аха Иегова ишаҳаҭцәа зыгәра рго уиаҟара исыздырӡомызт. Ауахәамақәа рҿы аҵабырг сшашьҭазгьы уи сзымԥшааӡеит, убри аҟынтә схазы исыӡбеит схала Абиблиа ҭысҵаалоит ҳәа.
Сара игәасҭо салагеит ақалақь егьырҭ араионқәа рҿгьы Иегова ишаҳаҭцәа астендқәа рыманы ишгылаз. Дара шуаа бзиақәаз гәоуҭартә иҟан. Ируҭо азҵаара зеиԥшразаалакгьы, есымша Абиблиа ала аҭак урҭон. Уи сара исгәаԥхеит, убри аҟынтә рыгәра зго салагеит.
Ҽнак Елеин абас салҳәеит: „Аԥстәқәа Анцәа иҳамҭоуп, шәақәшаҳаҭума?“ Сара ус сҳәеит: „Ҳәарада, сшәықәшаҳаҭуп!“ Нас Исаиа 11:6—9 иану дысзаԥхьеит. Сара ажурнал сымгаӡеит, аха уи аминуҭ азы акы сарҿыхазшәа збеит.
Уи ашьҭахь Елеини лхаҵа Бренти сареи маҷк ҳаицәажәартә алшара ҳауит. Урҭ аицәажәарақәа сара сзы даара ихадахеит. Дара исарҳәеит ақьырсиан дызусҭоу еилыскаарц азы Аевангелиеқәа зегьы, насгьы Аусқәа срыԥхьарц. Сара убас иагьыҟасҵеит. Хара имгакәа Бренти Елеини Абиблиа сырҵара иалагеит. Уи аԥхын, 2016 шықәсазы акәын.
Сара ахәыҷ иеиԥш есымчыбжьа Абиблиа аҵареи Аҳратә зал аҿы аизарақәа рҭаареи сазыԥшын. Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо аилкаара Анцәа иҳамҭа акәны, насгьы насыԥ дуны исыԥхьаӡоит. Шықәсык инеиҳаны ашьҭахь сыҽӡаасхит, насгьы Иегова ишаҳаҭ сакәны сҟалеит. Иахьа, 79 шықәса анысхыҵуа аамҭазы, агәра ганы сыҟоуп сызныланы сцалаша амҩа шысыԥшааз. Иегова исаҭәеишьеит гәыкала имаҵ зуа иҭаацәара сахәҭакзарц».