Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 апрель ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 апрель ад. 31

Ижәдыруама шәара?

Избан Давид ируаа рыбжьара Израиль иатәымыз ауаа зыҟаз?

ДАВИД ир злашьақәгылаз ауриацәа мацара ракәӡамызт. Иаҳҳәап, урҭ рыбжьара дыҟан аммонит Целек, ахетт Уриа, насгьы амоавит Итма (1 Аш. 11:39, 41, 46)a. Уи адагьы, Давид ир рыбжьара амаҵ руан акеретеицәеи, апелетеицәеи, агатцәеи (2 Сам. 15:18). Акеретеицәеи апелетеицәеи филистимаа рыуацәа гәакьақәа ракәын ҳәа иԥхьаӡоуп (Иез. 25:16). Агатцәа филистимтәи ақалақь Гат инхоз роуп (Иис. Н. 13:2, 3; 1 Сам. 6:17, 18).

Избан Давид атәымтәылауаа зидикылоз? Иара идыруан урҭ гәыкала ишизыҟаз, насгьы, еиҳа ихадоу, Иегова гәыкала ишизыҟаз. Иаҳҳәап, абиблиатә усумҭак аҿы акеретеицәеи апелетеицәеи ирызкны абас ануп: «Давид аҳра аниуаз зегь раасҭа иуадаҩыз аамҭақәа раан дара гәыкала идгылан» (The New Interpreter’s Dictionary of the Bible). Иаанагозеи уи? Израильаа зегьы Давид дааныжьны Шева зыхьӡыз аҿагылара шьҭызхыз ауаҩы ианидгыла, акеретеицәеи апелетеицәеи аҳ изиашаны иаанхеит, аҿагылара аанкыларагьы ицхрааит (2 Сам. 20:1, 2, 7). Ԥыҭрак ашьҭахь Давид иԥа Адониа аҳра ҭыԥ инапахьы иааигарц иақәикит. Аха акеретеицәеи апелетеицәеи Давид изиашаны иаанхеит, насгьы Давид ишьҭахь аҳас иҟало ҳәа Иегова иалихыз Соломон аҳас иҟаҵара ицхрааит (1 Аҳ. 1:24—27, 38, 39).

Давид гәыкала изыҟаз атәымтәыла иатәыз даҽаӡәы, уи Гат иатәыз Иттаи иакәын. Авессалом аҿагылара шьҭыхны израильаа аӡәырҩы иган ахь ианиаига, Иттаи 600-ҩык ируааи иареи аҳ идгылеит. Иттаи дтәымтәылауаҩын, убри аҟынтә аҳ дидгыланы аибашьра уалс идӡамызт. Давид убас иагьиеиҳәеит. Аха Иттаи иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа Иеговеи, исықәиҭу саҳи шәыла сықәуеит! Уара уахьыҟало умаҵуҩгьы дҟалоит, уцыԥсрагьы сазхиоуп!» (2 Сам. 15:6, 18—21).

Иттаии аҳ Давиди аиҩызцәа реиԥш еицәажәоит.

Иттаи Иегова иалихыз Давид гәыкала дизыҟан

Акеретеицәеи, апелетеицәеи, агатцәеи израильаа ишреиуамызгьы, дара агәра ргон Иегова — Зегьзшаз Анцәа шиакәу, Давид — Анцәа иалихыз шиакәу. Давид даара игәы ҟанаҵозҭгьы ҟалап, узықәгәыӷыртә иҟоу ауаа ахьицыз!

a Ҩынтәзакәан 23:3—6 аҿы иану Анцәа изакәан иаҳәон аммонитааи моавитааи Иегова ижәлар ирыхәҭакны ишзыҟамлоз. Иҟалап уи иаанагозҭгьы урҭ Анцәа ижәлар рыбжьара азинқәа ҳәа акгьы роур шалымшоз. Убри аамҭазгьы дара израильаа рацәажәареи рыланхареи азин рыман. Шәахәаԥш «Понимание Писания», атом 1, адаҟьа 80.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра