Ижәдыруама шәара?
Иабаргоз актәи ашәышықәсазы аныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа кәырбанс инаргоз аԥстәқәа ршьа?
АЖӘЫТӘАН Израиль аныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа акәырбаннагарҭаҿы есышықәса зқьыла аԥстәқәа рбылуан. Иосиф Флави излеиҳәаз ала, Мшаԥныҳәа азы 250 000 инареиҳаны асарақәа кәырбанс инаргон. Ус анакәха, ашьтәақәа аныршьлак ашьҭахь ашьа рацәаны иаанхон (Алев. 1:10, 11; Ахыԥхь. 28:16, 19). Иабаргоз уи?
Археологцәа Ирод иныҳәарҭа атерриториаҿы идууз адренажтә система рыԥшааит. Уи адренаж 70 шықәса ҳ. ҳ азы аныҳәарҭа хдырбгалаанӡа рхы иадырхәон. Уи адренаж ала акәзар ҟалап ашьа Аныҳәарҭа ахьгылаз ашьха аҟынтә наҟ излацоз.
Ҳахәаԥшып уи адренажтә система иамаз ҩ-ҷыдарак:
Акәырбаннагарҭа ашьаҭаҿы иҟаз акылҵәарақәа. Мишна́a аҿы иануп акәырбаннагарҭа алада-мраҭашәаратәи аган азааигәара ҩ-кылҵәарак аман ҳәа. Акәырбанқәа аннаргалак ашьҭахь иаанхоз ашьеи акәырбаннагарҭа акәша-мыкәша зегь зларыӡәӡәоз аӡи икәкәаны урҭ акылҵәарақәа рахь ицон, нас аканал ала Кедрон акаршәрахь ицон.
Археологцәа ирыԥшааз Мишна иану иақәшәоит. Аныҳәарҭа азааигәара ирыԥшааз адренажтә система иазкны енциклопедиак аҿы абас ануп: «Иубаратәы иҟоуп уи ашьеи аӡи Аныҳәарҭа ахьгылаз ашьха аҟынтә икәкәаны ицаларц азы рхы ишадырхәоз» (The Cambridge History of Judaism).
Аӡы. Акәырбаннагарҭа ашьаҭеи ашьа злацоз аканали цқьазарц азы аӡы рацәаны иаҭахын. Ацистернақәеи, аӡҭачқәеи, акведукқәеи, аканалқәеи рыбзоурала ақалақь аҿы аӡы меигӡарахда ирыман. Аԥшьаҩцәа ақалақь аҟынтә шаҟа аҭахыз аӡы роуан. Археолог Џьо́зеф Па́трик иҳәоит: «Ажәытәан иҟаз аныҳәарҭақәа зегь рҟынтә убри аныҳәарҭа заҵәык аҿы акәын аӡы бзианы иахьнагаз, иара убас аныҳәарҭа атерриториа зларыӡәӡәоз аӡы ацарҭа аҭаны иахьыҟаҵаз».
a Мишна — уи ауриатә закәанқәеи аҵасқәеи реизга ауп. Уи III ашәышықәса ҳ. ҳ. алагамҭазы еиқәыршәан.