Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 1
  • Анцәа далагеит ашара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа далагеит ашара
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа ишеит ажәҩани адгьыли
    Учимся на примерах из Библии
  • Арҿиара инаркны адунеизегьтәи аӡхыҵра аҟынӡа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 1

АЖӘАБЖЬ 1

Анцәа далагеит ашара

БЗИАРАС иааҳамоу зегьы Анцәа иҟнытәоуп. Уи ишеит амра, алашара ҳбаларцазы ҽынла, уахынла ҳара ҳзыҳәан зынӡа лашьцамзарц — аеҵәақәеи амзеи. Анцәа, иара убас, ҳара ҳзы ишеит адгьыл.

Аха аеҵәақәеи, амзеи, адгьыли ракәӡам раԥхьа иишаз. Иудыруама, зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз? Иара иеиԥшыз ахаҭарақәа. Анцәа дшаҳзымбо еиԥшҵәҟьа, урҭ ахаҭарақәагьы ҳзыбом. Абиблиаҿы урҭ амаалықьцәа ҳәа рыхьӡуп. Амаалықьцәа Анцәа ицынхалар акәын ажәҩанаҿы.

Раԥхьаӡа Анцәа иишаз дмаалықь ҷыдан. Уи заб аус ицызуаз, раԥхьаӡатәи Анцәа иԥа иакәын. Ари амаалықь Анцәа дицхраауан егьырҭ иаанхаз зегьы ршараан. Амра, амза, аеҵәақәа, иара убас ҳадгьылгьы.

Изеиԥшразеи усҟан адгьыл? Аханатә уаҟа уаҩ дықәынхомызт. Иаакәршаны акгьы ыҟамызт, адгьыл зегь хызҩоз аокеан дуӡӡак ада. Аха Анцәа иҭахын, адгьылаҿы ауаа нхаларц. Убри аҟнытә, уи ҳара ҳзы армазеира далагеит. Иҟаиҵазеи уи?

Зегь раԥхьа иргыланы адгьыл иаҭахын алашара. Убри аҟнытә Анцәа амра ашәахәақәа адгьылахь ирхеит. Уи деиҷаҳаит амш ашьҭахь аҵх ҟаларц. Анаҩс Анцәа адгьыл шьҭихит аокеан инахыкны.

Раԥхьа адгьылаҿы акгьы ыҟамызт. Асахьаҿы ишарбоу еиԥшҵәҟьа иҟан. Уаҟа иҟамызт ашәҭқәа, аҵлақәа, аԥстәқәа. Аокеанқәа ԥсыӡкгьы рҭамызт. Ауааи аԥстәқәеи рзы аԥсҭазаара гәырхаагаҵәҟьаны иҟаларц азыҳәан, Анцәа аус рацәа иаԥхьаҟа ишьҭан.

Иеремиа 10:12; Колоссаа рахь 1:15—17; Аҟазаара 1:1—10.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра