Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 6
  • Ибзиоу аԥеи иҽеим аԥеи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ибзиоу аԥеи иҽеим аԥеи
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Агәыԥжәара ауаҩшьрахьы ишнанагаз
    Учимся на примерах из Библии
  • «Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 6

АЖӘАБЖЬ 6

Ибзиоу аԥеи иҽеим аԥеи

УРЫХӘАԤШИ уажәшьҭа Каини Авели. Урҭ аҩыџьагьы уажәшьҭа зықәра наӡоу уаауп. Каин адгьылықәаарыхра дазкыуп. Уи иааирыхуеит ача, ашәырқәеи ауҭраҭыхи.

Авел ауасақәа дырхылаԥшуеит. Уи асарақәа реиҷаҳара игәаԥхоит. Урҭ уаса дуқәахоит, хара имгакәангьы уи дырхылаԥшлоит рахә гәарҭак.

Ҽнак зны Каини Авели Анцәа аҳамҭақәа изнаргоит. Каин инеигоит ихала иааирыхыз ашәырқәа, Авел — иуасақәа иреиӷьу. Иегова даара игәаԥхоит Авели уи иҳамҭеи. Аха иара игәаԥхом Каин иҳамҭеи иареи. Иудыруама уи зызҳәоу?

Авел иҳамҭа Каин иҳамҭа иахьеиӷьыз азы акәым. Аха Авел дахьуаҩгәыразыз азоуп. Уи Иеговагьы иашьагьы бзиа ибоит. Каин дуаҩыцәгьоуп; иашьагьы бзиа дибом.

Убри аҟнытә Анцәа Каин иҽириашарц диҳәоит. Аха Каин дӡырҩуам. Уи даара даргәаауеит, Анцәа Авел еиҳа бзиа дахьибо. Ҽнак зны Каин Авел иеиҳәоит: ‘Уааи, амӡырхахьы ҳцап’. Рымацара амӡырхаҿы ианеизаанха, Каин иашьа дыԥсыртә еиԥш ирыӷәӷәаны дисуеит. Ибааԥсӡами Каин ихымҩаԥгашьа?

Авел дыԥсит, аха Анцәа иахьа уажәраанӡагьы дигәалашәоит уи. Авел дуаҩгәыразын — Иегова ахаан ихашҭуам уи иеиԥш иҟоу ауаа. Убри аҟнытә мышкы-зны Анцәа Иегова Авел иԥсы ҭеиҵоит. Усҟан Авел уаҳа аԥсрагьы иқәшәом. Уи наӡаӡа ари адгьылаҿы дынхаларц илшоит. Иссирымхаӡои, Авел иеиԥш иҟоу ауаа рабадырра?

Аха Каин иеиԥш иҟоу ауаа Анцәа игәаԥхаӡом. Каин иашьа дахьишьыз аҟынтә, Иегова ақәнага дақәиршәеит, иҭаацәа наҟ хара дырҟәигеит. Каин нхара даҽаџьара даниасуаз, иаҳәшьцәа руаӡәы дигеит, нас уи дагьиԥҳәысхеит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Каин иԥҳәыси иареи ахшаара роуит. Адами Евеи егьырҭ рԥацәагьы аҳәсақәа ааргеит, рыԥҳацәа хаҵа ицеит, урҭгьы ахшаара роуит. Дук хара имгакәа адгьылаҿы ауаа рацәахеит. Уааи, урҭ рахьынтә џьоукы ҳрабадырп.

Аҟазаара 4:2—26; 1 Иоанн 3:11, 12; Иоанн 11:25.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра