АХӘҬА 3
Мсырынтәи ахақәиҭтәра инаркны Израил раԥхьатәи аҳ иҟынӡа
Мсыртәи аҭҟәара аҟнытә Моисеи израилаа Синаи ашьхахь инеигеит, уаҟа ауп Анцәа израилаа изакәанқәа ахьриҭаз. Убри ашьҭахь Моисеи 12-ҩык ауаа ханаантәи адгьыл ахь ԥшыхәра ишьҭит. Аха ианыхынҳә ашьҭахь, урҭ рахьынтә жәаҩык уи адгьыл иҽеимкәа иахцәажәеит. Ажәларгьы Мсырҟа ахынҳәра рҭаххеит. Урҭ Анцәа иахьирхәит, рхаҵара ахьмаҷыз азы, 40 шықәсагьы рыҩнуҵҟа ацәҳәыраҿы иҟьалан иқәзартә иҟаиҵеит.
Аҵыхәтәан далхын Иисус Навин, израилаа ханаантәи адгьыл иқәызгылар зыхәҭаз. Урҭ адгьыл ампыҵахалараҿы дрыцхраарц азы, Иегова аџьашьахәқәа ҟаиҵоит. Уи Иордан аӡы ааникылоит, Иерихон ахаҳәтә баагәара еилаирбгоит, ҽнак хәлаанӡагьы амра ааникылоит. Фышықәса рышьҭахь адгьыл еибашьрала ханаанаа ирымхын.
356 шықәса рыҩнуҵҟа Иисус Навин инаиркны Израил напхгара азыруан аӡбаҩцәа. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы ҳрабадыруеит ҳара: Варак, Гедеон, Иеффаи, Самсон, Самуил. Иара убас, ҳара ҳаԥхьоит абас еиԥш иҟоу аҳәсақәа ирызкны: Раав, Девора, Иаил, Руф, Ноемин, Далида. Иааидкыланы АХԤАТӘИ ахәҭа иаҵанакуеит 365-шықәса рыҩнуҵҟатәи аамҭа аҭоурых.