Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 34
  • Афатә ҿыц

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Афатә ҿыц
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Абҩа иалхыу амаҭ
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • 5-тәи ахәҭа алагалажәа
    Учимся на примерах из Библии
  • Ахырхәара иазкыу ашьаԥа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 34

АЖӘАБЖЬ 34

Афатә ҿыц

ИУДЫРУАМА, израилаа адгьыл аҿы ирыҟәшәо? Ԥшрала уи аҵаа ԥшқа иеиԥшуп. Ишкәакәоуп, иссоуп, еимыппуеит. Аха ари ҵаа ԥшқам; ари фатәуп.

Мызкы аҟароуп иҵхьоу, израилаа Мсыр иалҵиижьҭеи. Уажәы урҭ ацәҳәыраҿы иҟоуп. Ара иуфаша аҵиаақәа маҷны иазҳауеит азы, ажәлар ашшуеит: ‘Мсыр ҳаныҟаз ҳзимшьи Иегова. Уаҟа ҳара иааҳҭахыз ма иҳамфози’.

— Ажәҩан аҟынтә афатә шәзыласышьҭуеит,— иргәыӷуеит усҟан Иегова. Иегова убас иагьыҟаиҵоит. Адырҩаҽны ашьыжьымҭан израилаа ирбоит, ари ишкәакәоу акы шакәу, аха уи закәу рзеилкаауам: ‘Абри закәи?’

— Ари Иегова ишәиҭо афатә ауп,— иреилиркаауеит Моисеи. Ауаа уи АМАННА ҳәа ишьҭоуп. Уи ацха зыхьшьу ачаџь агьама угәаланаршәон.

— Шаҟа шәзыфо роуп еизыжәгаша,— нарыдиҵеит Моисеи. Убас ҟарҵоит урҭ есышьыжь. Нас амра анақәԥхалак, адгьыл аҿы иаанхоз ӡыҭуеит.

‘Аманна адырҩаҽнынӡа иааншәмыжьын’— нациҵоит Моисеи. Аха џьоукы азыӡырҩуам. Иҟалазгьы удыруама? Адырҩаҽнынӡа иааныжьыз афатә ахәақәа иркит, афҩгьы ҵысит!

Аха мчыбжьык ахьтә мышкы Иегова ажәлар ирыдиҵеит, уаанӡа аасҭа ҩынтә еиҳаны афатә еизыргаларц. Ари афбатәи амш ауп. Иегова излареиҳәаз ала, израилаа аманна абжак адырҩаҽны азы иаанрыжьроуп, избанзар абжьбатәи амш азы аманна алеира иаҟәыҵуан. Абар, абжьбатәи амш азы иааныжьыз ахәақәагьы ирымкит, афҩгьы мҵысит! Аригьы даҽа џьашьахәык ауп!

Израилаа ацәҳәыраҿы иҟанаҵы, Иегова маннала ирчоит.

Ақәҵымҭа 16:1—36; Ахыԥхьаӡарақәа 11:7—9; Иисус Навин 5:10—12.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра