АЖӘАБЖЬ 45
Иордан аӡиас ахыҵра
УԤШЫ! Израилаа Иордан аӡиас ируеит. Аха иабацеи аӡы зегьы? Минуҭқәак раԥхьаҟа аӡқәа хыҵны иҟан, ишаԥу еиԥш, ари аамҭазы, ақәа рацәаны иахьауаз аҟынтә. Аха уажәы аӡы зегьы цеит! Уажәшьҭа израилаа Амшын Ҟаԥшь ишахыҵыз еиԥшҵәҟьа цәаакырак злам аӡы аҵа инықәсны ицоит. Аха аӡы зегьы абацеи? Уааи, еилаҳкаап.
Израилаа Иордан ахысразы раамҭа анааи, Иегова Иисус Навин идиҵеит, абарҭ ажәақәа ауаа иреиҳәарц: ‘Аԥшьаҩцәа ауасиаҭ аковчег шьҭыхны, ауаа раԥхьа игыланы ицароуп. Урҭ Иордан аӡы ршьапы шынҭадыргылалак еиԥшҵәҟьа, аӡы аиасра иаҟәыҵуеит’.
Абар, аԥшьаҩцәа ишьҭырхуеит ауасиаҭ аковчег, ажәлар раԥхьагьы ишьҭыхны иргоит. Иордан аҟны ианнеи, аԥшьаҩцәа иаразнак аӡы иӡаагылоит. Аӡы афырҭын еиԥш ицон, даарагьы иҵаулан. Аха ршьапы аӡы ианынакьысҵәҟьа, уи амаҷхара иалагоит! Аџьашьахәы ҟалеит! Иегова ишәаҳаит аӡы аҵҵырҭа ааигәара. Убри азы аӡиас аҟны аӡы зегьы дук хара имгакәа иҭабеит!
Аԥшьаҩцәа ауасиаҭ аковчег кны, иҭабаз аӡы агәҭаҵәҟьа инеиуеит. Иубома урҭ асахьаҿы? Урҭ уаҟа иахьынӡагылоу, егьырҭ израилаа Иордан еиҩырҵәоит иҭабаз аӡы аҵа ала.
Зегьы анахыҵ ашьҭахь, Иегова Иисус идиҵоит, 12-ҩык ахацәа ӷәӷәақәа иреиҳәарц: ‘Шәца, ауасиаҭ аковчег зго аԥшьаҩцәа ахьгылоу аӡахь. 12 хаҳәгьы жәга убрантә, иагьышьҭашәҵа аԥхьаразы шәахьаанҿасуа. Наҟ-наҟгьы шәхәыҷқәа аназҵаалак, арҭ ахаҳәқәа ирыҵанакуазеи ҳәа, шәара аҭакс ирашәҳәароуп, Иегова иуасиаҭ аковчег Иордан аӡиас ианахыжәгоз, аӡы шаангылаз. Арҭ ахаҳәқәа ишәгәаладыршәалоит ари аџьашьахәы!’ Иисус 12 хаҳә шьҭеиҵоит аԥшьаҩцәа ахьгылаз аӡы аҵаҿы.
Аҵыхәтәан Иисус аԥшьаҩцәа ауасиаҭ аковчег згоз рахь ихы наирхоит: ‘Шәҭыҵ Иордан’. Ишааҭыҵлак еиԥшҵәҟьа, аӡы ашьҭрала еиҭах рҩашҵас аҿаанахоит.
Иисус Навин 3:1—17; 4:1—18.