АЖӘАБЖЬ 46
Иерихон абаагәара
ИЗЕИЛАҲАУЕИ Иерихон абаагәара? Бомба дуӡӡак ақәҳазшәа ауп ишыҟоу. Аха усҟантәи аамҭазы абомбақәа ыҟаӡамызт, усҟан ашәақьқәаҵәҟьагьы ыҟамызт. Ари Иегова иџьашьахәқәа ируакыуп! Уааи, еилаҳкаап уи шыҟалаз.
Уазыӡырҩы, Иегова Иисус Навин идиҵо: ‘Аруаа уманы ақалақь уакәша! Фымш шәакәшала, мышкы — знык. Ишәыцыз ауасиаҭ цқьа аковчег. Аковчег ашьҭахь игылазароуп быжьҩык аԥшьаҩцәа, абыкьгьы иаслароуп.
Абжьымш раан ақалақь бжьынтә шәакәшароуп. Нас инеиҵыхны абыкь шәас, шәарбанзаалак зыбжьы дуу аибашьратә ҿыҭабжьы ҭыжәгароуп. Усҟан абаагәара ашьаҭа аҟнынӡа еилаҳауеит!’
Иисуси ажәлари Иегова идҵа иахмырԥаӡакәа иҟарҵоит. Аныҟәара аан аӡәгьы ҿиҭуамызт. Аӡәгьы ажәак иҳәом. Абыкь асбжьи иныҟәоз ршьапышьҭыбжьи рыда, акгьы уаҳаӡом. Ишәаӡазаргьы ҟалап, Иерихон иҟаз Анцәа ижәлар раӷацәа. Иубома, аԥенџьыр аҟнытә илашьҭу ашаха? Ари аԥенџьыр зтәыда? Ааи — Раав иналыгӡеит ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа рыдҵа. Уи уаҟа лҭаацәеи лареи зегьы еицыҟоуп, иҟалогьы гәарҭоит.
Абар, абыжьбатәи амш ааит, ажәларгьы ақалақь бжьынтә иакәшоит, абыкьа иасуеит, аибашьратә ҿыҭбжьы рҳәоит — абаагәарагьы еилаҳауеит. Усҟан Иисус Навин адҵа ҟаиҵоит: ‘Ақалақь аҟны инхо зегьы шәшьы, ақалақь мцала ижәблы. Ижәблы зегьы. Иааншәыжь араӡны, ахьы, абҩа, аиха, Иегова ишьаԥа аҟны иҟоу ахазынаҭрахь иагьнажәга’.
Урҭ ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа Иисус иреиҳәоит: ‘Шәца Раав лыҩныҟа, лҭаацәеи лареи алжәга’. Аԥшыхәыҩцәа ишырҳәахьаз еиԥш, Раав лҭаацәеи лареи рыԥсы еиқәдырхоит.
Иисус Навин 6:1—24.