АЖӘАБЖЬ 47
Аӷьыч израилаа рыбжьара
УАХӘАԤШИ, ари ахаҵа иқьала аҟны анышә ицәыҵаижуа! Амаҭәа ԥшӡа, ахьтәы еиларҭәа, раӡнытә ԥарақәакгьы. Урҭ уи Иерихонынтә иааигеит. Аха ирзутәызеи Иерихонынтә иаагаз амазара зегьы? Иугәалашәома?
Урҭ аԥырхтәын, ахьи араӡни — Иегова ихьӡ зхыз ашьаԥаҿы иҟаз ахазынаҭрахь инагатәын. Ус акәзар, арҭ ауаа Анцәа изымӡырҩит. Урҭ Анцәа иитәыз рӷьычит. Ари ауаҩы Ахан ихьӡуп, иааигәара иҟоу иҭаацәа роуп. Уааи, еилаҳкаап, нас иҟало.
Ахан арҭ амаҭәақәа аниӷьыч ашьҭахь, Иисус Навин ԥыҭҩыуаа ишьҭуеит, Гаи ақалақь иабашьырц. Аха дара аибашьраҿы иаҵахоит. Аӡәырҩы ршьит, егьырҭ ршьапы рҽадыргеит. Иисус даара илахь еиқәуп. Уи ҿыцха иҽынкажьны Иегова диҳәоит: ‘Абас ҳахьыртә зыҟауҵазеи?’
Иегова аҭак ҟаиҵоит: ‘Угыл! Израилаа агәнаҳа ҟарҵеит. Урҭ иаԥырхтәыз, мамзаргьы Иегова ихьӡ зхыу, ашьаԥахь инагатәыз амаҭәа ргеит. Амаҭәа ԥшӡа ӷьычны иҵәахын. Сылԥха шәысҭом, изгазгьы иаргьы ықәшәхаанӡа’. Иегова Иисус ажәа ииҭоит, ари ауаҩы цәгьа дызусҭоу шиирбо ала.
Иисус Навин ажәлар зегьы еизигоит, Иеговагьы ари ауаҩы цәгьа Ахан иоуп ҳәа даирбоит. Ахан иаахтны иҳәоит: ‘Агәнаҳа ҟасҵеит. Сара избеит амаҭәа ԥшӡа, ахьтәы еиларҭәа, араӡнытә ԥарақәа. Даарагьы среилаҳаит урҭ, иагьызгеит. Сқьалаҿы ицәыҵажуп урҭ’.
Урҭ амаҭәақәа ԥшааны, Иисус ианизаарга, Ахан уи иеиҳәеит: ‘Арыцҳара ҳзалаугалеи? Абри азы Иегова уара арыцҳара уақәиршәоит!’ Арҭ ажәақәа рышьҭахь ажәлар зегьы Ахан иҭаацәеи иареи ахаҳәқәа ргәыдырҵоит — даргьы ԥсуеит. Иаҳнамырбаӡои ари ахҭыс, ианакәызаалак аӡәы иитәу агара шыҟамло?
Абри ашьҭахь Израил еиҭах Гаи иабашьырц ицоит. Уажәазы Иегова ижәлар дрыцхраауеит, даргьы аибашьраҿы аиааира ргоит.
Иисус Навин 7:1—26; 8:1—29.