Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 52
  • Гедеони 300-ҩык ируааи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Гедеони 300-ҩык ируааи
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Гедеон мадианаа дыриааиуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Аизара аиҳабацәа Гедеон шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • «Уара амч умоуп, уца, уара Израиль... еиқәурхоит»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 52

АЖӘАБЖЬ 52

Гедеони 300-ҩык ируааи

ИУБОУМА араҟа изҿу? Арҭ Израил аруаа роуп. Урҭ лаҟәны аӡы ажәра иаҿуп. Урҭ дрыдгылоуп аӡбаҩ Гедеон. Урҭ рӡыжәшьа гәеиҭоит.

Ҽеила уахәаԥши рӡыжәшьа шеиԥшым. Џьоукы рхы аӡы иӡаакылоуп. Аӡәы инапы ианҭәаланы ижәуеит, иааикәыршаны иҟоугьы ибоит. Ари аҵакы амоуп, избанзар Иегова Гедеон идиҵеит, аӡы аныржәуа, агәаҽанызаара змоу алихырц. Егьырҭ, Иегова идҵала аҩныҟа ишьҭтәуп. Уааи, еилаҳкаап избан.

Израилаа ҩаԥхьа арыцҳара иақәшәеит. Урҭ еиҭах Иегова изыӡырҩуамызт. Мадиамаа ирымпыҵархалеит даргьы. Убри азы Израилаа Анцәа иахь иҵәаауеит, Иеговагьы урҭ рыбжьы иаҳауеит.

Иегова Гедеон идиҵоит, аруаа еидикыларц, Гедеонгьы 32 000-ҩык аруаа еидикылоит. Аха Израил иаҿагыларц 135-нызқьҩык аруаа еизеит. Уи ус шакәугьы, Иегова Гедеон иеиҳәоит: ‘Имцхәцәоуп ауаа иуцу’. Избан Иегова убас зиҳәаз?

Избанзар израилаа аибашьраҿы аиааира ргар, урҭ ргәы иаанагар ҟалон, ари дара рымчала иаиааит ҳәа, насгьы аиааиразы Иегова ицхыраара рҭахымызт ҳәа. Убри азы Иегова Гедеон идиҵоит: ‘Згәы шәо зегьы аҩныҟа игьежьырц раҳәа’. Гедеон убас аныҟаиҵа, 22 000-ҩык аруаа аҩныҟа игьежьуеит. Убасала, 135 000-ҩык аӷа ируаа ирҿагыларц иаанхо 10 000-ҩык аибашьцәа рымацара роуп.

Аха ари закәузеи! Иегова иҳәоит: ‘Уара макьана ауаа иуцу рацәоуп’. Уи Гедеон идиҵеит, аруаа арҩаш аҟны инеигарц, насгьы аӡы зхы ӡаакыланы изжәуа аҩныҟа ишьҭырц. Иегова дақәиргәыӷит: ‘Сара суцхраауеит, 300-ҩык аруаа аӡы аныржәуаз агәаҿанызаара змаз рыла аиааира угартә еиԥш’.

Иааит ианеибашьыша аамҭа. Гедеон 300-ҩык аруаа 3 гәыԥкны ишоит. Аруаа аӡәаӡәала зегьы ириҭоит абыкьи аԥҳалгьы аҩнуҵҟа афакел ҭаргыланы. Аҵхыбжьон, урҭ аӷацәа рҭыԥ иакәшоит. Нас еицҿакны абыкь иасуеит, рыԥҳалқәа ԥырҽуеит, егьҿаарҭуеит: ‘Иеговеи Гедеони раҳәақәа!’ Иҿыхаз аӷацәа иҟарҵара иақәшәом, ргәы ҭҟьаны иаанхоит. Урҭ бналоит, израилаагьы аибашьраҿы аиааира ргоит.

Аӡбаҩцәа рышәҟәы, ахқәа 6—8.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра