Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 54
  • Зегь реиҳа иӷәӷәоу ауаҩы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Зегь реиҳа иӷәӷәоу ауаҩы
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова Самсон амч ииҭеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Самсон шәиҿыԥшла — Иегова шәиқәгәыӷла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа
    Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • Шаҟа иҿаасҭоузеи уанырҭиуа!
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 54

АЖӘАБЖЬ 54

Зегь реиҳа иӷәӷәоу ауаҩы

ИУДЫРУАМА адгьылаҿы зегь реиҳа иӷәӷәаз ауаҩы ихьӡыз? Аӡбаҩ Самсон. Самсон амч иоуит Иегова иҟынтә. Самсон диаанӡа, Иегова уи иан заа илеиҳәахьан: ‘Дук хара имгакәа аԥа дбоуеит. Уи Израил ахы иақәиҭитәуеит филистимаа рҟнытә’.

Филистимаа — ари Ханаан инхо иҽеим жәларуп. Урҭ аруаа рацәаны ирымоуп, насгьы урҭ израилаа даара идыргәаҟуеит. Ҽнак зны Самсон филистимаа рахь ицо амҩа даныланы дышнеиуаз, алым дуӡӡа цҳафыруа иааиԥылеит. Аха Самсон уи напыла мацара ишьуеит. Уи иҽеим филистимаагьы шәҩыла ишьуеит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Самсон Далида зыхьӡу аӡӷаб бзиа дибоит. Филистимаа реиҳабацәа зегьы ажәа лырҭоит, 1100 раӡны аԥара шлырҭо ала, уи Самсон имч маӡас иамоу рзеилылкаар. Далида арҭ аԥарақәа лоур лҭахыуп. Уи Самсони Анцәа ижәлари дырҩызаҵәҟьам. Убри азы лара акырынтә Самсон диазҵаауеит, имч ду маӡас иаҵоу.

Аҵыхәтәан Далида аилкаара лылшоит, Самсон имч маӡас иаҵоу. ‘Схахәы зныкгьы иҵдмырффаӡацт,— иҳәоит Самсон.— Сании инаркны Анцәа салихит иҷыдоу маҵуҩны — назареины. Схахәы ҵырффазар, сымч сцәыӡуеит’.

Далида ари анеилылкаа, уи Самсон лшьамхы аҟны длырцәоит. Нас диԥхьоит ауаҩы, Самсон ихәахәы ҵирффарц. Самсон данҿыха, уи имч ицәыӡхьан. Усҟан филистимаа ааины дырҭҟәуеит. Уи иҩблак ҭырхуеит, тәысгьы дҟарҵоит.

Ҽнак зны филистимаа аныҳәа дуӡӡа ҟарҵоит рынцәахәы Дагон ихьӡала, Самсон ихыччарцгьы абахҭа дыҭганы дааргоит. Ари аамҭа аҩнуҵҟала Самсон ихәахәы иазҳаит. Самсон инапы кны дызгоз аҷкәын иеиҳәоит: ‘Ари аҩны зкыу ашьаҟақәа сыркьырси’. Усҟан Самсон Иегова диҳәоит, амч ииҭарц, ашьаҟақәагьы ааникылоит. Уи ҿааиҭуеит: ‘Филистимаа срыцԥсааит’. Аныҳәаҿы 3 000-ҩык филистимаа ыҟоуп, Самсонгьы ашьаҟақәа данрыгәҭаслак, аҩны еилаҳауеит, арҭ ауаа цәгьақәа зегьы ҭахоит.

Аӡбаҩцәа, ахқәа 13—16.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра