АЖӘАБЖЬ 62
Давид иҩны арыцҳарақәа ҟалоит
ДАВИД Иерусалим аҳра аниуа аамҭазы, уи Иегова имчала акырынтә иаӷацәа дыриааиуеит. Иегова израилаа ханаантәи адгьыл риҭарц иақәиргәыӷхьан. Абар, уажәшьҭа Иегова имчала ари изқәыргыӷыз адгьыл зегьы дара иртәхоит.
Давид — дҳәынҭқар бзиоуп. Уи Иегова бзиа дибоит. Убри аҟнытә зегь раԥхьаӡа иргыланы Иерусалимҟа иааигоит Иегова иуасиаҭ аковчег. Уи, иара убас, иҭахыуп ауасиаҭ аковчег ахьӡала аҩны иргылар.
Аха акыршықәса рышьҭахь Давид, бааԥсык ҟаиҵоит. Давид идыруеит, иутәым агара шиашам. Аха абар, уахык зны ихан аҟынтә уи даара иԥшӡаз ԥҳәыск дибоит. Уи Вирсавиа лыхьӡуп — Давид ируаа ируаӡәкыу Уриа иԥҳәыс лоуп лара.
Давид даара диҭаххеит Вирсавиа, иханахьгьы дааигеит. Уи аамҭазы Вирсавиа лхаҵа хара афронт аҟны дыҟоуп. Давид уи цәеижьла дылзааигәахеит, уи ашьҭахь Вирсавиа еилылкаауеит, уи ахшаара длоураны дшыҟоу. Давид даара ихьааигеит ари — уи ар реиҳабы Иоав ашәҟәы изишьҭуеит, Уриа зегь реиҳа аибашьра ахьеилашуа даҿаиргыларц, дыршьразы. Уриа данҭахалак Давид Вирсавиа ԥҳәысс дигоит.
Иегова даара дизгәаауеит Давид. Уи иахь днаишьҭуеит Нафан зыхьӡу имаҵуҩы, игәнаҳара иҵызхуа. Уахәаԥш, уи Давид дышиацәажәо. Давид даара дахьхәуеит ихымҩаԥгашьа азы, убри азы Иегова ашьра иқәимҵеит. Аха Иегова иҳәоит: ‘Уҩнаҿы арыцҳарақәа рацәаны иҟазаауеит, абас ицәгьаны ухы ахьымҩаԥугаз азы’. Шаҟа рыцҳара ҟалазеи Давид иҩнаҭаҿы!
Раԥхьа Вирсавиа лыҷкәын дыԥсуеит. Анаҩс Амнон, Давид иԥхьахшаа, иаҳәшьа Фамари иареи анеизынхалак, ишакәым ала длызныҟәоит. Авессалом, Давид иԥа, ари убысҟак даргәааит Амнон дишьыртә еиԥш. Нас Авессалом аӡәырҩы дыргәаԥхартә ихы ааирԥшуеит, аҳасгьы иҽыҟаиҵоит. Аха аҵыхәтәан Давид даиааиуеит Авессалом иеибашьраҿы, Авессалом дыршьуеит. Ааи — Давид ирацәаны арыцҳарақәа дрықәшәоит.
Уи аамҭазы Вирсавиа аԥа длоуеит, уи Соломон ихьӡыртәуеит. Давид данажәлак, данычмазаҩхалак, уи ицынхәрас иҷкәын Адониа аҳас аҟалара иҽазишәоит. Убасҟан Давид аԥшьаҩы Садок идиҵоит, Соломон аҳас дшыҟало аарԥшразы, Соломон ихы ахәша ақәиҭәарц. Дук хара имгакәа, 70 шықәса дшырҭагылаз, Давид дыԥсуеит. 40 шықәса Давид аҳра иуан Израил, уажәшьҭа Израил аҳас дҟалоит Соломон.
2 Самуил 11:1—27; 12:1—18; 1 Аҳцәа 1:1—48.