Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 66
  • Аҳкәажә бааԥс Иезавел

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҳкәажә бааԥс Иезавел
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова ацәгьара ҟазҵоз аҳкәажә дахьирхәуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • «Ахав ишьҭра зегь ҭахоит» (2Аҳ 9:8)
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
  • Ишәымоума шәара Иегова ихәаԥшышьа аиашара аганахь ала?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иаанагозеи гәыкала ахьхәра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 66

АЖӘАБЖЬ 66

Аҳкәажә бааԥс Иезавел

АҲ ИЕРОВОАМ данԥсы ашьҭахь жәабиԥарактәи израилтәи аҳра иахагылоу зегьы уаа бааԥсқәоуп. Урҭ рахьынтә зегь реиҳа ибааԥсыз аҳ Ахав иакәын. Иудыруама, избан? Зегь раԥхьа иргыланы, уи аҳкәажә бааԥс Иезавел ԥҳәысс дахьимаз аҟнытә акәын.

Иезавел израилтәи ԥҳәысым. Уи лаб сидонтәи аҳ иакәын. Иезавел лымацара лакәым амц-нцәахәы Ваал иеихырхәо, аха Ахавгьы, израилаа аӡәырҩгьы ирыдылцалоит, уи иеихәырхәаразы. Иезавел Иегова дылцәымӷыуп, иԥааимбарцәа аӡәырҩгьы лшьуеит. Егьырҭ аԥааимбарцәа аҳаԥы аҟны аҽыҵәахра рықәшәеит. Иезавел акы анылҭахыу, уи лоурц азы, ауаҩы дылшьыргьы лылшоит.

Ҽнак зны Ахав даара дгәааны дыҟан. Иезавел уи диазҵаауеит: ‘Иахьа абас улахь зеиқәузеи?’

— Навуфеи исеиҳәаз аҟнытә ауп,— дахашшауеит Ахав.— Уи ижьҭра аасхәар сҭахын. Аха Навуфеи уи сыҭара мап ацәикит.

— Умгәамҵын,— деиқәылкуеит Иезавел.— Уи уара иуоуеит.

Абар, Иезавел ашәҟәқәа лыҩуеит, Навуфеи дахьынхо ақалақь еиҳабацәақәак рахь. ‘Уаҩы хәымгақәак Навуфеи Анцәеи аҳи ишәиуазшәа рҳәааит,— адҵа ҟалҵеит лара.— Нас ақалақь далганы, ахаҳәқәа игәыдҵаны дышәшьы.’

Навуфеи дышшьу шеилылкааз еиԥшҵәҟьа, Ахав изыналыцҳауеит: ‘Ирласны уца, ажьҭрагьы га’. Иезавел ақәнага ақәыршәара лықәнагаӡами абас еиԥш иҟоу ақәылара бааԥс азыҳәан?

Абар, ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иегова дааишьҭуеит Ииуи зыхьӡу ауаҩы. Иуи дшаауаз анеилылкаа, Иезавел лыблақәа ҵылшәаауеит, лҽеиҿылкаауеит. Аха Ииуи данылзааигәахалак, аԥенџьыр аҟны данибалакгьы, уи ахан аҟны иҟоу ахацәа рызҿиҭуеит: ‘Алада дшәыршә!’ Асахьаҿы ишубо еиԥш, ахацәа адҵа нарыгӡоит. Уи дкарыжьуеит, дагьԥсуеит лара. Абас аҳкәажә Иезавел лҵыхәтәа ҟалеит.

1 Аҳцәа 16:29—33; 18:1—4; 21:1—16; 2 Аҳцәа 9:30—37.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра