Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 69
  • Ӡӷабк еицырдыруа аамсҭак дышицхрааз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ӡӷабк еицырдыруа аамсҭак дышицхрааз
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аибашьҩи аӡӷаб хәыҷи
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 69

АЖӘАБЖЬ 69

Ӡӷабк еицырдыруа аамсҭак дышицхрааз

ИУДЫРУАМА, ари аӡӷаб уажәы дзацәажәо? Иегова иԥааимбар Елисеии уи Иегова имчала иҟаиҵаз иус џьашьахәқәеи ртәы ауп. Ари аԥҳәыс израилаа дреиуам, убри азы Иегова длыздыруам зынӡа. Уааи, еилаҳкаап, ари аӡӷаб уи лыҩнаҿы дышнанагаз.

Ари аԥҳәыс дсириатәуп. Уи лхаҵа Нееман сириатәи ар дреиҳабуп. Аӡӷаб хәыҷы сириаа дыҭҟәаны дыргеит, Нееман иԥҳәыс маҵуҩысгьы длырҭеит.

Нееман дычмазаҩ ӷәӷәоуп: уи ацәеилабаара ихьуеит. Ари ачымазара зыхьуа ауаҩы ицәеижь ажьышәақәа ҽыҭ-ҽыҭла иамҵыр ауеит. Убри аҟнытә аӡӷаб Нееман иԥҳәыс илыдылгалоит: ‘О, саҳ Израилҟа, Иегова иԥааимбар иахь дцандаз. Аԥааимбар ацәеилабаара аҟнытә дихәшәтәуан’. Хара имгакәа ари ацәажәара атәы ахаҵа иаҳауеит.

Нееман даара аҽыхәшәтәра игәазыҳәоит, убри аҟнытә уи Израилҟа дцоит. Уаҟа уи Елисеи иҩны ахь ихы рханы ддәықәлоит. Елисеи имаҵуҩы дишьҭуеит, Нееман идиҵарц бжьынтә Иордан иҽҭишьразы. Нееман даара дгәаауеит — уи иҳәоит: ‘Сыԥсадгьыл аҟны иҟоу аӡиасқәа Израил иҟоу аӡиасқәа зегьы иреиӷьуп!’ Дагьцоит.

Аха имаҵуҩцәа руаӡәк диҳәоит: ‘С-Аҳ, Елисеи еиҳа ицәгьоу акы ҟаҵа ҳәа уеиҳәар, иҟаумҵаӡози? Узизымӡырҩри, нас, аӡгьы уҽызӡааумшьри?’ Нееман имаҵуҩы дизыӡырҩуеит, бжьынтәгьы Иордан иҽӡааишьуеит. Уи ашьҭахь уи ицәеижь ӷәӷәахоит, ибзиахоит!

Нееман игәырӷьара изынкылом. Уи Елисеи иахь дгәырӷьаҵәа дхынҳәуеит, иагьиҳәоит: ‘Уажәшьҭа сара, издыруеит Израил Анцәа — адгьыл аҟны зегь реиҳа ииашоу иаӡәкыу Анцәа шиакәҵәҟьоу. Иҟалозар, иудкыл сара сҟынтә абри аҳамҭа’.— ‘Мап, сара уи згом’,— мап ацәикуеит Елисеи. Уи идыруеит, ари аҳамҭа агара шиашам: мшәан, Нееман дызхәышәтәыз Иегова иоуми. Аха ари аҳамҭа игар иҭахыуп Гиези — Елисеи имаҵуҩы.

Абар Гиези иҟаиҵо. Уи Нееман дихьӡаны иеиҳәоит: ‘Елисеи дсыҳәеит иуасҳәарц, уҳамҭақәа рҟынтә акы игақәар шиҭахыу иара иахь уажәы иааз иҩызцәа рзы’. Ҳәара аҭахыума, ари мцуп. Аха Нееман игәы иаанагом, Гиези амц иҳәоит ҳәа, убри аҟынтә ҳамҭақәак ииҭоит.

Гиези аҩныҟа даныхынҳәлак, Елисеи зегьы еиликаахьан. Уи атәы Иегова иеиҳәеит. Уи иҳәоит: ‘Абри аҩыза ацәгьара ахьыҟауҵаз азы, Нееман ицәеилабаара уара уахь ииасуеит. Иара убраҵәҟьа убас иагьыҟалеит’.

Иаҳнарҵозеи ҳарҭ ари иҟалаз? Акыс, абри аӡӷаб леиԥш, Иегова изкны ауаа ирзеиҭаҳәалатәуп. Ари абзиарақәа рацәаны иалҵыр ауеит. Ҩбагьы, ҳара ҳԥагьамзароуп, раԥхьа Нееман дшыҟаз еиԥш,— ҳара Анцәа имаҵуҩцәа ҳарзыӡырҩлароуп. Ихԥахаз, Гиези иеиԥш, амц ҳамҳәалароуп. Шаҟа хәарҭа алҳгозеи Абиблиа, ииашаӡами?

2 Аҳцәа 5:1—27.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра